АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 5:15

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы аибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 31 шықәса ахыҵит. Ашьжьымҭан, Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџььтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, рыуацәеи рҭынхацәеи, ауаажәларра рхаҭарнацәа.

Аҟәа ахақәиҭтәразы 12 мшы имҩаԥысуаз ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа  ирываршьааз акыр ишырацәазгьы ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара.

Аҵыхәтәаны, ҽынла, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа шьҭахьҟа, Егры аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахь дыԥхаҵан. Цәыббрамза 30 рзы Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы ишьақәыргылан Аԥсны абираҟ.       

 


Read 45 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.