АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АМАШӘЫРЦӘГЬАҚӘА РМЕДИЦИНА АЗЫ АФЕДЕРАЛТӘ ЦЕНТР АДИРЕКТОР АКТӘИ ИХАҬЫԤУАҨ АНАТОЛИ ГУЛИН ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина азы афедералтә Центр адиректор актәи ихаҭыԥуаҩ Анатоли Гулин диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. Едуард Быҭәбеи Анатоли Гулини азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит:

- аԥсабаратә цәырҵрақәа ирыдҳәалоуи атехногентә ҟазшьа змоуи аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан амедика-санитартә хҟьаԥҟьақәа рықәгара;

- Урыстәылатәи Афедерациа зыҩаӡара ҳараку амедицинатә еиҿкаарақәа  иԥхьагылоу аспециалистцәа ааха зауз рзы аамҭа кьаҿ иалагӡаны ателемедицинатә консультациақәа рымҩаԥгара;

- амедицинатә евакуациа амедицинатә цхыраара еиҳау аҩаӡара ахь анагара;

- Аԥсны амашәырцәгьақәа рмедицина Амаҵзура аҿиара аперспективақәа.


Read 942 times - Ашәахьа, 19 Цәыббра 2022 21:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.