АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2022

ГӘЫДИСА АГРБА АҨНЫТӘ БААНДАҨТӘРА АХЬ ДОУШЬҬУП. АБХ.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура ԥыхьатәи аминистр Гәыдиса Агрба абҵарамза  16, 2022 шықәсанӡа аҩнытә баандаҩтәра ахь доушьҭуп. Ари аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҟны.  

Цәыббрамза 12, 2022 шықәса рзы Аԥсны Апрокуратура Хада  аусеилыргаратә усбарҭа аусеилыргаратә ҟәша аусеилыргаҩ еиҳабы Ҭаркьыл А.Б. иҟынтәи  Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь инашьҭын акультура ԥыхьатәи аминистр Гәыдиса Агрба иганахьала ҭакрала ахьырхәра ацҵара азы аҳәара.

Заатәи аусеилыргара аусбарҭақәа рыла Гәыдиса Агрба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 157, ахәҭа  4 инақәыршәаны, (ахара зду игәра ганы иҭаз ҷыдала зшәагаа дуу атәым мал атәтәреи аныхреи) рҿы дыгәҩароуп.  

Цәыббрамза 16, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ Екатерина Ҭырқьба  ари аҳәара   дақәшаҳаҭымхаӡеит.  Гәыдиса Агрба ихьырхәра аҳасабала ҩымыз аҽҳәара аҭаны -  абҵарамза 16, 2022 шықәсанӡа аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.   


Read 697 times - Ашәахьа, 19 Цәыббра 2022 20:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.