АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Цәыббра.2022

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АХЬ АШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРАЗЫ ИНАГОУП АԤСНЫ АЕКСПОРТТӘ КРЕДИТ АҬАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА. АБХ.

Аҟәа. Цәыббрамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла Анапхгара Аҳәынҭқарратә Дума ахь аратификациа азура азы инарышьҭит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара Аԥсны аекспорттә кредит азоужьра азы аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы аԥкаанҵа, ҳәа адырра ҟанаҵоит аинфомациатә Маҵзура ТАСС. Аусшәҟәы апарламент аладатәи апалата адыррақәа релектронтә база аҿы икьыԥхьхеит.

"Аԥсны анапхгара аҳәынҭқарратә експорттә кредит азоужьра азы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи  рнапхгарақәа ԥхынҷкәынмза  24, 2010 шықәсазы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа ралагалара азы Москва ақалақь, ԥхынҷкәынмза  10, 2021 шықәса рзы, иара убас Аҟәа ақалақь, ԥхынҷкәынмза 13,  2021 шықәсазы знапы аҵаҩыз Апкаанҵа № 3 аратификациа азузароуп»,-ҳәа иаҳәоит аусшәҟәы атекст аҿы.

Аекспорттә кредит Аԥсны иазоужьын аихамҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азы.

 

 


Read 838 times - Ашәахьа, 19 Цәыббра 2022 20:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.