АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2022

АИҚӘЫРХАҨЦӘА АИБӶА АҚЫҬАНТӘИ ЗГӘЫ РАХӘЫМХАЗ АԤҲӘЫС АХӘЫШӘТӘЫРҬАХЬ ДНАРГЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 16 рзы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Гагра ақалақьтәи аҟәша аԥыԥшырҭа-еиқәырхаратә Отриад аԥсеиқәырхаҩцәа ироуз адырра ала  Гагра араион Аибӷа ақыҭахь амҩа иқәлеит. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Луганск ақалақь аҿы инхо, аха уажәы Аибӷа ақыҭаҿы иҟаз 1978 шықәса рзы ииз Вухрева Татиана Иури-иԥҳа  илымаз агәаҵәачымазара ахҟьаԥҟьа лызцәырҵра иахҟьаны иаарласны ахәышәтәырҭахь днагатәхеит.

Аиқәрхаҩцәа аннеи Татиана Вухрева раԥхьатәи амедицинатә цхыраара лырҭеит. Анаҩс уи Гагратәи араионтә хәышәтәырҭахь днаргеит.

Ачымаҩ левакуациа аан акыр ацхыраара ҟаиҵеит Гагра араион Псахасара ақыҭа ахада.


Read 420 times - Асабша, 17 Цәыббра 2022 15:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.