Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа – Ареспублика Амш инамаданы, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь адныҳәаларатә нота дәықәнаҵеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
“Цәыббрамза 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика аԥҵара Амш 32 шықәса ахыҵра азгәарҭоит.
Цәыббрамза 20, 1990 шықәазы иҟалаз Аахыҵ Уаԥстәыла Асоветтә Демократиатә ҳәынҭқарра ахьыԥшымра адеклорациа адкылара – аҳәынҭқарра аҭоурых аҟны ихадаӡоу хҭысуп. Ари амш Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ргәымшәареи ракзаареи, рџьынџьтәыла ахь ирымоу абзиабареи иасимволны иҟалеит. Ари амш аҽны ажәлар рдепутатцәа Рхеилак автономтә област астатус Асовет Еидгыла аилазаара иалоу Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Асоветтә Демократиатә Республика аҟынӡа ашьҭыхразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Асоветтә демократиатә республика алаҳәара мҩаԥнагеит. Амилаҭтә суверенитет азы адекларациа рыдыркылеит. Ари аӡбамҭа ареспублика ахьыԥшымреи жәларбжьаратәи азхаҵареи рзы раԥхьатәи шьаҿақәаны иҟалеит. Убас иаԥҵан Аахыҵ уаԥстәылатәи Ареспублика.
Акыр амыҟәмабарақәа рыхганы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ирылшеит рыԥсадгьыли рҭоурыхи ахьчара. Иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла асоциал економикатә ҿиара амҩа иануп, жәларбжьаратәи аренаҿгьы аҭыԥ арӷәӷәоит.
Агәра ганы ҳаҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи жәытә -натә аахыс ирыбжьаз аимабзиаратәи аиашьаратәи аизыҟазаашьақәеи хра злору аусеицуреи аринахысгьы ишацҵахо, аҿиарагьы шаиуо».