АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Цәыббра.2024

Лаша Ашәбеи Ҭемыр Шергелиеи Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа р-Координациатә хеилак аилатәара иалахәын.

Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2024 шықәса. Аԥснпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиеи Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа р-Координациатә хеилак инарҭбаау аилатәара рхы аладырхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент аофициалтә саит. Аиалатәара ахылаԥшырҭақәа изаамҭынытәиу русура, ашәарҭадареи азинеиҿкаареи русхкқәа рҿы иҟоу ауадаҩрақәеи актуалра злоу азҵаарақәеи рылацәажәара иазкын.

Акоординациатә еилатәара аҿы имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырбатә ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩыцәа.

Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, апрокурор хада Адгәыр Агрба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбаратә еидгылара рнапхгаҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа хаҭалатәи реилазаара. 


Read 96 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.