Аҟәа. Цәыббрамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа азинхьчаратә усбарҭақәа р-Координациатә хеилак аилатәара далахәын.
Акоординациатә хеилак аилатәара иалахәын иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза - министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Аԥарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, аиҳабыра алахәылацәа, адепутатцәа.
Акоординациатә еилацәажәара иалатәан азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбаратә еидгылара рнапхгаҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа хаҭалатәи реилазаара.
Апрокурор хада Адгәыр Агрба иқәгылараҿы дырзааҭгылеит азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа 2020-2024 шықәсқәа раантәи русура алҵшәақәа.
Апрокурор хада далацәажәеит аусеилыргаратә усбарҭақәа ршьаус-процессуалтә усура алҵшәақәеи аоперативтә ҟәшеиҵақәа акоррупциатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа рцәыргареи, ргәырҽынҵареи, раарԥшреи рзы аоператив-ԥшааратә усура анагӡашьеи ртәы.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ацәгьоурақәа реиҵахаразы иҟоу атенденциа азгәаҭаны атәылаҟны иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы иҳәеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзуреи азинхьчаратә усбарҭақәеи русеицура атәы далацәажәеит АШӘА ахантәаҩы Дмитри Қәычбериа. Уи иажәақәа рыла АШӘА атәым ҳәынҭқаррақәа иҷыдоу рмаҵзурақәа, атерроризм, изакәанам анаркотикқәа реикәыршара, еиҿкаау ацәгьоура, аекономикатә хырхарҭа змоу ацәгьоурақәа уҳәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара иаԥырхагоу иаҿагыланы ақәԥара иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәахә аҟны иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәсқәа аԥсабаратәи атехногентәи ҟазшьа змоу арыцҳарақәа шырацәаз, ари максималла ауаатәҩсатә лшарақәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҷыдоу атехникеи рхархәара шаҭаххаз.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иҟаиҵаз аҳасабырбаҟны инаҵшьны иазгәеиҭеит ари аусбарҭа аусура хадаратәла аҳазалхратә хылаԥшра, адәныҟаекономикатә усура иалахәу рзы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара, аҳаза ианаамҭоу ихарҭәааны алхра ишазкыз.
«Иарбоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара, сара сгәаанагарала, Аԥсны адәныҟаекономикатә усура хра злоу анырра анаҭоит. Иазгәасҭарц сҭахуп, аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыла адәныҟатә хәаахәҭра амҽхак ҩынтә ишазҳаз», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы Рамин Габлаиа иҳәеит 2020 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны иахьа уажәраанӡа ари аусбарҭа аусурала Аԥсны амиграциатә закәанԥҵара еилазгаз атәымтәылауаа ирызку аӡбарҭақәа рахь идәықәҵоу 917 административтә материал шыҟоу. Рамин Габлаиа ашықәс аихшьалақәа рыла иазԥхьагәаҭоу арбагақәа 150 млн. мааҭ рыла еиҳаны абиуџьет ишалагалахо атәы иҳәеит.
Акоординациатә еилацәажәара аихшьалақәа ҟаҵо, Аҳәынҭқарра Ахада азинхьчаратә усбарҭақәа русура бзиоуп ҳәа ахә ишьеит.
«Арбагақәа есааира аиӷьхара иаҿуп. Аҟәшақәа зегьы русурақәа ахаҭабзиара аҽаԥсахит. Ари убаратәы иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
«Азинхьчаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Иҟоуп шәаргьы ҳаргьы зыӡбара ҳахьымӡаз зҵаарақәак.. Урҭ рыӡбара иаԥырхагоу иобиективтәу амзызқәа ыҟоуп. Сара агәра згоит абас еиԥш системала азнеишьа, амчратә еилазаарақәа рҳәоу еиқәшәаны русеицура аныҟала, азҵаарақәа рыӡбара алыршахоит»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟатәи аполитика, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа иазкыз азҵаарақәа дырзааҭгылеит.
Аслан Бжьаниа даҽазныкгьы хшыҩзышьҭра аҭаны далацәажәеит астратегиатә партниори ҳареи ҳаизыҟазаашьа алахәаахәҭра ҟалашьа шамам.
«Ҳҳәынҭқарраҟны иҟоуп еицырдыруа ауаа урыстәылатәи аҳәынҭқарреи Қырҭтәыла анапхгареи еидкыланы ирылацәажәарц зҽазызшәо. Сара исҳәахьеит, еиҭасҳәахуеит, ҳара Урыстәыла иаҳнаҭо алшарақәа ҳхы иаҳархәароуп ҳҳәынҭқарра арӷәӷәаразы, ҳекономикатә суверенитет арӷәӷәаразы.
Урыстәыла аиашьара, аиҩызара ҳзызуа ҳәынҭқарроуп. Уи алалара атәы аӡәгьы иҳәаӡом. Аԥсны – ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп, ҳаргьы ҳхы иадаҳҵаз наҳагӡароуп», - абас ихиркәшеит иажәа Аҳәынҭқарра Ахада.