АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2024

Владимир Делба: 2020 – 2023 шш. рыҩныҵҟа Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалақәа 4,8 млрд. рҟынтәи 9,8 млрд. мааҭ рҟынӡа еиҳахеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада иинформациатә Центр аҿы дықәгыло 2020 – 2023шш. рзы аҳәынҭқарратә биуџьет арбага хадақәа, абиуџьет ахь ашәахтәтәии аҳазалхратәи алагалақәа ртәы еиҭеиҳәеит.

«Аҳәынҭқарратә биуџьет ахь алагалақәа рацлара адинамика шыҟоу умбар залшаӡом. 2020-2023 шықәсқәа рыҩнуҵҟа Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалақәа ҩынтәны еиҳахеит — 4,8 миллиард рҟынтәи 9,8 миллиард рҟынӡа иҳәеит афинансқәа рминистр Владимир Делба.   

Убас, 2020- 2023 шықәсқәа рзы:

– ашәахтә лагалақәа 2020 шықәсазы 2,5 миллиард мааҭ иҟан, 2023 шықәсазы— 5,2 миллиард мааҭ;

– аҳазалхартә лагалақәа 2020 шықәсазы 1,8 миллиард мааҭ иҟан, 2023 шықәсазы — 3,7 миллиард мааҭ.

Владимир Делба иазгәеиҭеит 2020-2023 шықәсқәа рыҩныҵҟа Аԥсны аџьатә фонд 500 миллион мааҭ рыла иеизҳаит ҳәа. Уи иабзоураны бжьаратәла аулафахәы 16 100 мааҭ аҟынтәи 29 700 мааҭ рҟынӡа ишьҭыҵит.

Уи адагьы ахашәалақәа реидкыла иалнаршеит Атәанчахәытә фонд адефицит аԥыхра. Имҩаԥган атәанчахәытә шәарақәак риндексациа.

Владимир  Делба иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьаҿы иҟалаз атәылауаа асоциалтә дгылара рыҭаразы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рхышәа-ҵышәа аизҳарагьы шыҟоу азгәеиҭеит.

2020 – 2023шш. ацхыраара рыҭан  7 000 нызықьҩык атәылауаа. Уи аицҵалыҵ  633 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Хшыҩзышьҭрада иаанымхаӡеит ақыҭанхамҩеи аенергетикеи реиԥш иҟоу акыр зҵазкуа аусхкқәагьы.

Убас, ақыҭанхамҩа аҿиаразы идәықәҵахеит 300 млн. мааҭ. Аенергетикатә усхкы адгылара аҭара азы иазоужьхаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  680 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, имаҷууи ибжьаратәууи абизнес азы – 100 млн. мааҭ.

.

 

 


Read 90 times - Ашәахьа, 23 Цәыббра 2024 19:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.