АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2024

Лаша Ашәба Алан Маргиев Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент Ахантәаҩы Алан Маргиев Ареспублика амш идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Алан Ҭаимураз-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Шәаргьы Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәагьы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Ареспублика амш!

1990 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара рылазҳәаз адекларациа адкылара шәтәыла аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит, абри инаркны ихацыркхеит уи ашьақәгылареи аҿиареи.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика ажәлар ахьыԥшымра аагара рылшеит акыр ауадаҩрақәа ириааины. Ареспублика ауааԥсыра раԥхьа иҟаз абиԥарақәа реихьӡарақәа реихаҳара рылшеит ибеиоу рҭоурыхи ркультуреи рықәныҟәарала.  Иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаҵоу рацәоуп аекономика, асоциалтә усхк, аҳәынҭқарра аинфраструктура, ашәарҭадара арӷәӷәаразы. 

Ҳреспубликақәа ҭоурыхла реимадара шьаҭас иамоуп аҳаҭыреиқәҵара, агәреибагара, уи аиҩызаратә ҟазшьа змоу апарламентбжьаратә усеицура иацхраауеит. 

Ҳаҭыр зқәу Алан Ҭаимураз-иԥа, Шәаргьы Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика  Апарламент адепутатцәагьы ишәзеиӷьасшьоит ажәлар реизҳазыӷьара хықәкыс измоу азакәанԥҵаратә усураҿы аихьӡарақәа».

 


Read 87 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.