Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа Ареспублика Ахада имаҵура ахагылара иазку аусмҩаԥгатә аҟны адныҳәалара ҟаҵаны дықәгылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
«Ҳаҭыр зқәу Бату Сергеи-иԥа!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Калмыкиа Ареспублика Ахада имаҵура ахагылара.
Цәыббрамза 8 рзы имҩаԥысыз абжьыҭара аихшьалақәа иаҳдырбеит Калмыкиа ауааԥсыра арегион асоциал-економикатә ҿиараҟны шәлагаламҭа ахә ҳаракны ишыршьо. Алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира ареспублика иқәынхо ауааԥсыра шәусура иарҭо адгылара, Калмыкиа аринахысгьы аизҳазыӷьаразы имҩаԥыжәго аусура агәра шырго атәы аҳәоит.
Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоуп аиҩызареи аидгылареи. Абри инаваргыланы аҿиара иаҿуп УА арегионқәа аус рыцура. Абри инамаданы ҳара зҿлымҳара аҳҭоит ҭоурыхла, культурала, традициала ибеиоу Калмыкиа Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ганрацәала ҳаимадара арӷәӷәара.
Ҳаҭыр зқәу Бату Сергеи-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, Калмыкиа Ареспублика Ахада имаҵураҟны аихьӡарақәа, Калмыкиа иқәынхо ажәлар – Урыстәыла Ду ажәларқәа рҭаацәараҟны аҭынчра, аизҳазыӷьара!»