«Ҳара ҳауаажәлар, ҳтәылауаа усурала, уалафахәыла еиқәыршәазар ҳҭахуп. Ҳара 140-нызықьҩык инареиҳаны аусура зылшо ауааԥсыра ҳамоуп, урҭ рыбжаҩык усураҭыԥла еиқәыршәаӡам. Ари астратегиатә ҵакы змоу хыдҵоуп – ауааԥсыра усурала реиқәыршәара, избан акәзар ауаҩы аусура имазар, уаҵәтәи амш азы агәыӷрагьы имоуп. Иара аҭаацәара далалоит, уаҵәтәи амш азԥхьагәеиҭоит, ихәыҷқәа аҵара дирҵоит, иеиҳабацәа ихәшәтәуеит, уи азы иаҭахуп аԥара, аԥара аагарҭа амзароуп, абжьааԥны уи усуратә ҭыԥ ауп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра, ҳәарада апроблемақәа зегьы иаразнак ала аӡбара алнаршаӡом, аха уи раԥхьатәи, акыр зҵазкуа шьаҿоуп.
«Ари аҩыза узеилымкаар ауам. Аполитика знапы алаку ауаа рзы уи аилкаара хымԥадатәиуп. Аҳәынҭқарратә усзуҩцәа раҳасабала зхы цәырызго ауаа, урҭгьы уи еилыркаауазар ахәҭоуп. Ас еиԥш иҟоу аиқәшаҳаҭрақәа ҳтәылеи ҳауаажәлари ринтересқәа азԥхьагәанаҭаӡом ҳәа аҳәара аҵабыг акыр иацәыхароуп. Ари иламысдоу аполитиатә қәԥароуп, уи ҳҳәынҭқаррабжьаратәи аизыҟазаашьақәа иаԥырхагоуп, Аԥсны дарбанызаалак атәылауаҩ изы хра аланы иҟам. Афинансыркра ахәҭакахьала аанкылара –зықьҩыла ауаа уеизгьы идуум руалафахәы ахәҭак ада рааныжьара ауп иаанаго. Уи ҵаҵӷәыс иамоузеи, алогика абаҟоу, аиаша абаҟоу, уи хықәкыс иамоузеи? Еилкаау усуп, уи зегьы зыҟаҵахо, алхрақәа раламҭалазы иҟоу анапхгара адискредитациа азура азы ауп» ,– ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны атәылауаа аиашеи аполитикатә бжьахәаахәҭреи ахьыҟоу еилдыргап ҳәа агәыӷра имоуп.
«Сара сазхиоуп иарбан аудиториазаалакгьы аҿы ари атема алацәажәара, снапы иакуп иахәҭоу аусшәҟәқәа, убри аҟнытә сара ҳаизыҟазаашьақәа рҿы акризис ыҟаны избом. Ҳполитикатә истеблишмент ахәҭак ала ихымԥадатәиу хра злоу аӡбамҭақәа рҿагылара ахьцо иахҟьаны аиԥҟьарақәа шцәырҵыз сбоит, уи аҩыза ҟамлароуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.