АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2024

Динара Смыр Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа X Жәларбжьаратәи акультуратә форум лхы алалырхәуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны акультура аминистр аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысуа X Жәларбжьаратәи акультуратә форум аусура лхы алалырхәуеит.

Ажәабатәи аубилеитә Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи акультуратә форум цәыббрамза  11 – 14 рзы имҩаԥысуеит, уи ҭагалан азы зегьы реиҳа ихадоу ҭагалантәи хҭысны иҟалоит.

Цәыббрамза 13 рзы Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рнапхгаҩцәа рҿаԥхьа «Жәларбжьаратәи акультуратә усеицура аперспективақәа» атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылоит.

Иара убас афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспублика Аԥсны акультура Аминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи рыбжьара 2025 шықәсазы аусеицура Аплан анапаҵыҩра мҩаԥысуеит. 

Афорум аусуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаԥгахоит апаннельтә дикуссиақәеи астол гьежьқәеи, ирылацәажәараны иҟоуп акультуратә политикеи жәларбжьаратәи аусеицура аҿиареи иадҳәалоу азҵаарақәа.

 


Read 166 times - Аҩаша, 17 Цәыббра 2024 01:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.