Мҵара ақыҭа аҭоурых ҿыц – ари ҳажәларқәа рыуаҩра, иреиӷьу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа ирдыргоу ҭоурыхны иҟалеит. Акыр шықәса раԥхьа Мҵара ақыҭа амшентәи аерманцәа рзы хыҵакырҭаҟны иҟалеит, имшәа-имырҳа анхара-анҵыразы, аҭаацәарақәа раԥҵаразы, абиԥара ҿыцқәа реиҵааӡаразы. Аԥсуаа рыгәҭаны ҿыц анхара иалагаз ауаа рыхандеира иабзоураны Мҵара аҿиара, аизҳара иалагеит».
Аслан Бжьаниа Аԥсны аерманцәа реидгыла ареспублика аҿиара аҿы алагала азгәеиҭеит.
«Аԥсны аерманцәа реидгыла ҳ-Аԥсадгьыл аҿиараҟны алагаламҭа маҷӡам. Амаршал И.Х. Баграмиан ихьӡ зхыз ареманцәа рбаталион иалаз аибашьцәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иаадырԥшыз агәымшәареи афырхаҵареи ҿырԥшыга бзианы иҟалеит ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахьчаразы.
Иахьа шәаргьы ҳаргьы ҳаидгыланы ихьыԥшым, зхы иақәиҭу Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылара ҳаҿуп, ҳҳәынҭқаррагьы шьаҭа ӷәӷәаны иамоуп ҳажәларқәа ирыбжьоу аҳаҭыреиқәҵареи аидгылареи. Абри ауп иахьатәи аныҳәагьы ҵакыс иамоу.
Иҿиалааит, еизҳазыӷьалааит Мҵара ақыҭа, анасыԥ, ахирра, ақәранҵыра ду рзеиӷьасшьоит ари ақыҭа иқәынхо ауааԥсыра зегьы, хьӡи-ԥшеи змоу Аԥсны аҵеицәа!» – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.