«Сара иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҩ-ҳәынҭқаррак реизыҟазаашьақәа реибарххара иадҳәалоуп ҳәа исыԥхьаӡаӡом. Уажәаԥхьа ҳазлацәажәоз сазыхынҳәуа иазгәасҭарҭ сҭахуп: уи аганқәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара ауп. Иҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада ила ишьақәырӷәӷәоу, аҩ-ҳәынҭқаррак рнапхгарақәа рыла ақәыршаҳаҭра зауз аиқәшаҳаҭрақәа реизак. Аҩ-ҳәынҭқарра рпарламентқәа рҿы аратификациа иахысхьоу иарбоу аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, аҩ-тәылак доусы рхатә ԥхықәрақәа рымоуп. Аус злоу мацара иарбоу аԥхықәрақәа рынагӡара алыршара ауп, ҳара аԥснытәи ҳҩызцәа уи шьахәлаҵәҟьа еилыркаауеит», — ҳәа иҳәеит Сергеи Лавров.
Иара, нанҳәамза алагамҭазы, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба ҩаԥхьа имаҵураҭыԥ ахь ихынҳәра анидиныҳәалоз аамҭазы уи Урыстәылаҟа, иара ианизыманшәаоу аамҭазы ааԥхьара шиҭаз азы адырра ҟаиҵеит.
«Агәра аганы сыҟоуп, хара имгакәа, мышқәак, мчыбжьык иахымгакәа, ус еиԥш иҟоу аиԥылара ҳзеиҿкаап ҳәа. Жәаҳәарада, егьырҭ ҳара ҳхылаԥшырҭақәагьы Аҟәатәи рколлегацәеи дареи иарбоу азҵаара иадҳәаланы аусура мҩаԥыргоит. Аха даҽазныкгьы исҳәоит, зегьы ирыцку, — Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа ишьақәдырӷәӷәаз, ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭрақәа зегьы рынагӡара алыршара ауп», — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.