«Цәыббрамза 3, 2008 шықәса Ареспублика Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа мшны иаанхоит. Ҳара ахаангьы иаҳхаҭӡом акоманданте Хосе Даниель Ортега Сааведра дызхагылоу Ареспублика Никарагуа анапхгареи афырхаҵаратә никарагуатәи ажәлари рҟынтәи Ареспублика Аԥсны акыр ҭҵазкуаз аҭоурыхтә аамҭахәҭа азы иаиуз аиҩызаратә дгылара атәы», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Сергеи Шамба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы ахә ҳаракны иршьоит Аԥсни Никарагуеи русеицура аҿиара алшамҭақәа ҳәа иазгәеиҭеит.
«Гәахәара дула иазгәаҳҭоит ҳхьыԥшымра азхашәҵеижьҭеи, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵеижьҭеи ҳҳәынҭқаррақәа активла ҩ-ганктәи аусеицура иахьдырҿио, ԥхьаҟатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еинырра еиҳа-еиҳа иахьдырҵауло», — ҳәа иаҳәоит атекст аҿы.
«Ахә ашьара уадаҩуп ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызаратәии астратегиатә партниортә еизыҟазаашьақәа рырҿиара аҿы хаҭала Шәара шәлагала. Ҳара гәахәарыла иаҳгәалаҳаршәоит Шәара 2023 шықәсазы Аԥсныҟа шәаара. Агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы аҩганктәи аԥсны-никарагуатәи аимадарақәа ҳажәларқәа реизҳазыӷьара иазырханы хра злоу аҿиара шаиуо», – ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡала иҟаҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.