2025 шықәсазы, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра аламҭалазы Москва ақалақь аҿы абаҟа аргылара азԥхьагәаҭоуп.
Ааигәа, Кремль аҿы Владимир Путин Алексеи Талаи ила белорусстәи ажәлар зегьы Донбасс имҩаԥырго агуманитартә миссиа азы Аиҩызара Аорден ранеишьеит.
«Аҳамҭаҭара ацеремониа аҿы Владимир Путин акциа дшалахәхо, Москва ақалақь Поклоннаиа гора ҳәа изышьҭоу амемориалтә комплекс аҿы иргылахараны иҟоу абаҟа аиларҭәаразы ира ихьӡала аԥараҿырпы шҳаиҭо азы ажәа ҳаиҭеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Алексеи Талаи.
Иара ари апроект аҿиара иаҿуп, иахьа Аԥсны имҩаԥысуа аиԥыларагьы уи арҵабыргуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа иажәақәа рыла, Алексеи Талаи иԥылара даара агәахәареи аҭакԥхықәреи зцу миссиа ауп: «Шәара — узҿыԥшыша, еицамкәа амчхара, адоуҳа, атәылауаҩратә позициа иаша змоу уаҩуп. Иԥшьоу аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара иазку шәидеиа аҵакы ахә ашьара уадаҩуп. Аҭоурыхтә гәалашәареи абиԥарақәа реимадареи ҿыц еиҵагыло абиԥара рааӡара аус аҿы ҷыдала акыр аҵанакуеит».
Абесалом Кәарҷиа иара убас Алексеи Талаи аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара аус аҿы илагала инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Аԥсны жәлар гәахәарыла шәара шәаԥшьгарақәа адгылара арҭоит. Зықьҩыла Аԥсны атәылауаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахеит. Доусы иарбоу ахҭысқәа ирылахәыз ауацәа имоуп. Аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара азы шәара шәылшамҭақәа аӡәырҩы рзы ҿырԥштәыс иҟалароуп. Шәара шәхатәы ҿырԥшы ала егьырҭ ауаа рхи-рыԥси рызхәыцра мацара акәымкәа, иҳаҩсхьоу ҳаҭыр ақәҵарала ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа ачаԥара шаҟа аҵанакуа дшәырбоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит инашәыгӡо аусура азы, иҭабуп еиҿышәкаауа акциа Аԥсны алахәхартә еиԥш иахьыҟашәҵаз», – ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы.
Абесалом Кәарҷиеи Алексеи Талаи аколба раԥхьатәи аԥараҿырпқәа ҭарыԥсеит.
Аудиториа ахь ихы рханы, Алексеи Талаи, уи азы агәазыҳәара змоу дарбанызаалак ихьӡала аԥараҿырпык ааганы аколба иҭеиԥсар илшоит ҳәа иҳәеит. Ҭаацәак рҟынтәи цырак аԥараҿырпы азхоит. Иаҳҳәап ахәыҷы ари аԥараҿырпы ааигар, 20-30 шықәса рышьҭахь иара ари абаҟа аргылара аҿы ихы шалаирхәыз идырлоит.
«Асоветтә ԥараҿырпы ыҟамзар ҳаамҭазтәи аԥараҿырпы ааугаргьы алшоит. Араҟа аус злоу ҭаацәацыԥхьаӡа абаҟа аргылара асимволтә алахәхара ауп», - ҳәа иҳәеит иара.