Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара II ааԥхьара адепутат Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр иԥсҭазаара алҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Адышшыларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 87-шықәса дшырҭагылаз зыԥсҭазаара иалҵыз Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр – аҳәынҭқарратәии ауаажәларратәи аусзуҩ, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент II ааԥхьара (1996–2002шш.) адепутат иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Иури Владимир-иԥа аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьреи активла ихы алаирхәан. Иара Ауаажәларра-политикатә Еиҿкаара «Аидгылара» Очамчыратәи аҟәша далан, 1989 шықәсазы ақырҭуа националистцәа ирҿагылаз дреиуан. Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр Маркәылатәи абаталион акомиссарс дыҟан. Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр иааԥсарақәа рзы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьоуп.
Абҵарамза, 1996 шықәса рзы Иури Владимир -иԥа Кәакәасқьыр Очамчыратәи алхырҭатә ҭыԥ ала Аԥсны Жәлар Реиазара-Апарламент адепутатс далырхит. Иара азакәанԥҵаразы апарламенттә Еилакы алахәылас дыҟан, ареспублика ашәарҭадара, иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгара азы азакәанԥҵара аиӷьтәра, уҳәа азҵаарақәа рыӡбараҿы илагала маҷымкәа иҟоуп. Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр иалхыҩцәеи иколлегацәа-адепутатцәеи рҿы акыр аҳаҭыри апатуи иқәын, есымша ипатриотизми Апарламент аҿы излацәажәоз азҵаарақәа рганахьала хьаҳәхьачарада иааирԥшуаз ипозициеи рыла далукаауан.
Иури Владимир-иԥа Кәакәасқьыр игәалашәара лаша наунагӡа иуацәеи иҭынхацәеи реиԥш, хыԥхьаӡара рацәала имаз иҩызцәеи иколлегацәеи ицеибашьуази дыздыруаз зегьи ргәаҵаҿы иаанхоит. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит».