Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 10 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит аӡсаратә еицлабра SwimSukhum 2024.
Уи ихы аладырхәыр ҟалон аӡсашьа здыруа зегьы. Аицлабрақәа мҩаԥысуан 6 шықәса зхыҵуа инадыркны 90 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара. Аицлабрақәа рҿы абарҭ аӡсратә стильқәа: брасс, баттерфлиаи, зхы иақәиҭу, бӷала рыла иӡсон.
Аусмҩаԥгатә алагаанӡа аӡсра аҵакыра ашәарҭадара агәаҭара мҩаԥган. Атриатлон Афедерациа апрезидент Борис Барцыц иажәақәа рыла, ари иаарту аӡы аҿы ԥшьынтәны имҩаԥысуа еицлаброуп.
«Раԥхьа ҳара аӡсразы аицлабрақәа рымҩаԥгара ҳалагеит 2018 шықәсазы. Апандемиа аныҟаз аамҭазы урҭ мҩаԥаҳамгаӡеит. Уажәы апандемиа аныҟам, ҳтәылауааи ҳреспублика иаҭаауа асасцәеи ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы агәазыҳәара аадырԥшуа иалагеит. Убас ала ҳара ҩаԥхьа аӡсразы аицлабрақәа рымҩаԥгара азы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», - ҳәа еиҭеиҳәеит иара.
Сынтәатәи аӡсаратә еицлабра SwimSukhum 2024 агәыҳалалра иазкуп — идырҳауа аԥара зегьы алимфобласттә леикоз ҳәа изышьҭоу ашьа ачымазара бааԥсы здырбалаз Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәшәтәра иазырхахоит. «Раԥхьаӡа акәны асплотқәеи аусмҩаԥгатә асимволика зну егьырҭ атауарқәеи рзы ахә ршәо иҟаҳҵеит. Урҭ зегьы рыҭира иахҭныхыз аԥаратә хархәагақәа Фридонна Аҩӡԥҳа лыхәышәтәразы идәықәҵахоит. Убри аан ҳара зегьы агәыҳалалратә ус ҳхы алаҳархәыртә алшара ҳауеит, изҭаху зегьы хаҭала иарбоу аицлабрақәа рхы аладырхәырц рылшоит. Ари аспорт абзиабаратә еицлабрақәоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Борис Барцыц.
Ахәԥсақәа ақәратә категориа иадҳәаланы ишьақәгылон: зегьы реиҳа еиҵбу рылахәхара азы ишәатәхон – 100 мааҭк, аиҳабацәа рзы адистанциа изеиԥшроу инамаданы – 1 000 мааҭ рҟынтәи 1 500 мааҭ рҟынӡа.
Аԥхьахәтә фонд 200 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аусмҩаԥгатә еиҿкаахеит амобилтә еимадара «А-Мо«аил», иара убас аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси иҟарҵаз адгылара иабзоураны. Аицлабрақәа ирылагаанӡа уи алахәылаҩцәа рахь ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо аҳәамҭа ҟарҵеит аҳҭнықалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа анапхгаҩы Ельза Ҳагба, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҿар аус рыдулареи абаҩарҵәыратә культуреи аспорти рыҟәша аиҳабы Валери Берзениеи Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи. Дара ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә хра злоу аҟазшьа шаҵоу азгәарҭеит, аринахысгьы арҭ аицлабрақәа ибзиоу традицианы ишьақәгыларц азы азеиӷьашьара ҟарҵеит.
Аицлабра хацыркын асқьала «Аԥра» аҟынтәи, ихыркәшан аплиаж MarNero аҟны. Апрограмма иалан еиуеиԥшым абжьаӡарақәа: 500, 1000, 3000 метра. 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рызгьы иҟоуп еиҳа имаҷу абжьаӡарақәа — 100, 200, 300 метра. Урҭ ирылахәын 200-ҩык рҟынӡа аӡсацәа.
Аиҳабацәа рыбжьара аиааира ргеит:
– 3000 метра иҟоу абжьаӡараҿы — Роксана Гилиазетдинова, Евгени Сабиров;
– 1000 метра иҟоу абжьаӡараҿы — Александр Кравец, Елизавета Варнавскаиа;
– 500 метрак иҟоу абжьаӡараҿы — Глеб Иаблоков, Анна Квашак.
16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡсаҩцәа рыбжьара:
– 100 метра иҟоу абжьаӡараҿы аҭыԥҳацәа рыбжьара аиааира лгеит 7 шықәса зхыҵуа Василиса Егупова, арԥарцәа рыбжьара — Платон Сабиров;
– 200 метра иҟоу абжьаӡараҿы — Мариа Макушина, Даниил Егунов;
– 300 метра иҟоу абжьаӡараҿы — Иарослав Тиуриутиков, Василиса Чугуева.