Уи, ахәҭакахьала, ҿырԥштәыс иааигеит ааигәа анапхгаратә партиа «Грузинская мечта» ахада Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иахьа «аҩбатәи афронт» аартра азы ареферендум амҩаԥгара азҵаара иахәаԥшуеит ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа.
««Аҩбатәи афронт» ала ирҳәарц ирҭаху ҳара зегьы шьахәлаҵәҟьа еилаҳкаауеит, уи ҳара агәҭынчымра ҳазцәырнагоит», - ҳәа иҳәеит Иракли Ҭыжәба.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убас Женеватәи адискуссиақәа рзы ацхантәаҩцәа анаҩс арегион аҿы аконфликт аескалациа аҟынӡа имнеирц азы ас еиԥш иҟоу ақәмақаррақәа азхаьԥшра арҭарц ааԥхьара ҟаиҵеит, иара убас иахьа иумбар залымшо Қырҭтәыла арратә лшара аизырҳара арегион аҿы аҭынчреи аҭашәынтәалареи рзы ашәарҭара ду шацу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Мышқәак раԥхьа НАТО ахылаԥшрала имҩаԥысуаз арратә зыҟаҵарақәа хыркәшахеит, урҭ «Иаԥсоу апартниор» ҳәа ахьӡ аманы Қырҭтәыла иахьаҵанакуа имҩаԥысуан. Арт аҽазыҟаҵарақәа рхы аладырхәит 20 тәыла, аусмҩаԥгатә иалагалан 2500-ҩык инарзынаԥшуа аруаа, еиуеиԥшым ахкқәа змоу ҳаамҭазтәи арратә техника», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Иракли Ҭыжәба Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара арратә мчы ахархәара мап ацәкра азы Аиқәшаҳаҭра зыԥшра ҟамҵакәа аиқәыршәареи анаҩсгьы анапаҵыҩреи хымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. «Ари Женеватәи адискуссиақәа рызкызаара аазырԥшуа зегьы реиҳа ихадоу ахықәкы ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аиԥылара аҿы Женеватәи адискуссиақәа ихадоу акомпонентқәа руак аҳасабала Гал ақалақь аҿы «Аинцидентқәа рыԥхьырҟәҟәаареи разхьаԥшреи рзы Амеханизм» аусура иаарласӡаны аартра азҵаарагьы алацәажәара мҩаԥысит.
Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа рыҟны Еиду Амилаҭқәа Реидгыла ахаҭарнак Џьихан Султаноглу аиԥыларақәа уажәы арегион аҿы аибырххара аизҳареи Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы ишьақәгылаз имариам аҭагылазаашьеи инарымаданы имҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит. Аха, ацхантәаҩцәа Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа алахәылацәа рԥылареи адискуссиақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа рыла рыҿцәажәареи рылшеит.
Ацхантәаҩцәа Женеватәи адискуссиақәа анаҩстәи араунд амҩаԥгара ишазыразу, насгьы уи алахәхара ишазхьоу азгәарҭеит.
Жәларбжьаратәи женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу 56-тәи араунд амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп жьҭаара 5, 2022 шықәса рзы.