АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Цәыббра.2022

АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АУСЗУҨЦӘА 17 ТОНН АГУМАНИТАРТӘ ЦХЫРААРА ДОНЕЦКҞА АНАГАРА АЛДЫРШЕИТ.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала агуманитартә цхыраара изаамҭанытәиу апартиа анагара ашьҭахь Донецкынтәи Аԥсныҟа ихынҳәит. 17 тонн  рҟынӡа инаӡо агуманитартә еидара аиҳарак аԥаҭлыкақәа ирҭаҭәоу аӡрыжәтәи афатә аалыҵқәеи рыла ишьақәгылоуп. Уи хатәгәаԥхаралатәи аҟәшеиҵа аилазаараҿы Донецктәи Жәлартә Республика ахьчаразы еибашьуа ҳаибашьцәа ирызнаган. Агуманитартә цхыраара аҟынтәи быжь тоннак Очамчыра араион Ахадареи ауааԥсыреи рыла еизган. Аԥснытәи аԥсеиқәырхаҩцәа хатәгәаԥхарала еибашьуа ҳаԥсуа еибашьцәа ирԥылеит.

Атәыла анапхгара анапынҵала ахәра зауз аибашьцәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгара афонд аҟынтәи шәкы-шәкы нызықь мааҭ рзоужьхеит.


Read 448 times - Аԥшьаша, 15 Цәыббра 2022 17:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.