«Жан Ануи лассы-лассы антикатә сиужетқәа дрызхьаԥшуан. Антикатә сиужет – ари аклассикатә сиужет ауп, алассикатә конфликт ауп, аха ажәытәбырзентә трагедиа акырӡа еиԥшӡам уи. Софокл иҿы – ари ажәытәбырзентә трагедиа ауп, араҟа зегьы заџьал аахьоу роуп, Антигонагьы уаҳа ԥсыхәа лымаӡам аҳ Креонт иҳәатәы халымҵар. Лара лзы акырӡа аанагоит лашьа анышә иамадара, уи иԥсы ҭынчхарц азы, анцәахәқәа рҟынӡа иԥсы наӡарц, џьанаҭ гыларҭас иоурц азы. Уажәтәи ахҭыс аҿы Антигона – зыԥсы ҭоу ауаҩԥсык, зынӡа ифырхаҵам, заб иашьа иҿагыларазы зшәарақәа риааира иашьҭоу, аха уи митәык изықәымҿио ӡӷаб хәыҷык лакәны даақәгылоит. Ҳара «афырхаҵас аҟалара» заку даҽакала иаабоит, еилаҳкаауеит», – ҳәа еиҭалҳәеит Викториа Печерникова.
Адраматургцәа рҩыџьагьы изхьаԥшуа есымша аҭыԥ змаз «абацәеи аԥацәеи» рконфликт ауп, аха Софокловтәи «Антигона» аҩреи Ануи «Антигона» аныиҩыз аамҭеи ирыбжьоу азқьышықәсақәа еиԥшу афырхацәа злоу асиужет еиуеиԥшым ала аилкаара мзыс иаиуеит.
Аспектакль аҿы ихәмаруеит актиорцәа Есма Шуген (Антигона), Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Аслан Анқәаб (Креон), Мдар Сақаниа (ахор), Диана Абыхәба (Исмена), Леон Барчан (Гемон), Альдона Адлеиба (анаӡӡеи), Ахра Кәарҷиа (ахьчаҩ Будусс), Вадим Абыхәба (ахьчаҩ Жона), Ҳаџьараҭ Џьопуа (ахьчаҩ Диуран), Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Зҽаԥсазтәыз артист Фрида Леиба (Евридика), Инна Качараа (Лахесис), Елла Туова (Клото), Еснаҭ Ҳаразиа (аҷкәын).