АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Ԥхынгәы.2024

Хара имгакәа Лабра ақыҭан иаатуеит аҩыҟаҵаратә зауад ҿыц.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Мрагыларатәи Аԥсны Лабра  акыҭа аӡахәааӡарҭақәа дырҭааит.

«Аԥсны аҩқәеи  аӡқәеи» реилахәыра адиректор хада Николаи Ачба Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа анагӡашьа шымҩаԥысуа атәы.

Иазгәаҭатәуп, Аԥсни Урыстәылеи рнапхгара ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзораны урыстәылатәи аган алшара аԥнаҵеит урыстәылатәи абанкқәа аԥсуа усдкылаҩцәа рзы альготатә процент зыԥҵәа ала (6%) акредиттә ресурсқәа рзоужьразы.

Ишьақәырӷәӷәоу аинвестициатә проектқәа рахьтә ари апроект зынагӡара мҩаԥысуа апроектқәа ируакуп.

Никодаи Ачба излазгәеиҭо ала, азауад адгьылҵакыраҿы, аргылара лассы ихыркәшахараны иахьыҟоу аҭыԥ аҟны иҟалоит аресторан, акоттеџьқәа, Аԥсны аӡаахәаӡара аҭоурых иазку амузеи, апарк. 

Ахада дазҵааит шаҟа усурҭатә ҭыԥ ҟало. "Апроцесс активла ацара иаҿуп. Иааидкыланы, иҳабжьаҳҵаз аилаӡара инақәыршәаны 250 ҭыԥ инеиҳаны иҟалар акәхоит. Апроектқәа азԥхьагәаҭоуп атранспорт-логистикатә усхк аҟны, ааглыхрақәа,   иара убас анхарҭа ҭыԥқәа рыҟны», - иҳәеит анаплакҩы.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы Аԥсны аграртәи ақыҭанхамҩатәи секторқәа рыҟны акыр идуу ари апроект иамоу аҵакы.

Очамчыра Администрациа Ахада Беслан Бигәаа иазгәеиҭеит мрагыларатәи Аԥсназы ас еиԥш апроектқәа рынагӡара иамоу аҵакы, насгьы ас еиԥш иҟоу апроектқәа ари араион економикала ахы иақәиҭны аҟалара шалдыршо.   

Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә ныҟәарақәа ирылахәын Ахада Иусбарҭа  анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр  Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьапуа.

 

 

 


Read 62 times - Ахаша, 17 Ԥхынгәы 2024 22:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.