Аҟәа. Ԥхынгәымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ААР ахада, афилологиатә наукақәа рдоктор Зураб Џьапуа дидикылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Зураб Џьапуа идиныҳәалеит аа-томкны иҟоу Нарҭтәи аепос аҭыҵра.
«Аҭҵаарадырратә усура аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы абызшәа, афольклор, Аԥсны аҭоурых реиқәырхараҟны инанагӡо ароль дуӡӡоуп.
Зураб Џьапуа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы, иҳәеит аҭыжьымҭа еиднакылаз аматериал 40 шықәса раахыс аизгара дшаҿыз.
«Иара убас сгәы иҭоуп даҽа ҩ-томк урыс бышәала аҭыжьра», - ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадмеиа ахада.
Автор Аҳәынҭқарра Ахада аа-томкны иҟоу Нарҭтәи аепос аҭыжьымҭа ҳамҭас ииҭеит.