АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2024

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ижәны аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа мызкы аҟынӡа рмашьынақәа рымхра азы аԥшьгара ҟанаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа Аусбарҭа аҿы имҩаԥысит Дамеи Аҩӡба Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵара зцыз атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусуратә еилатәара.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Чкадуеи  Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы ҿыц зыԥшра ҟамҵакәа зынагӡаа алыршатәу ахыдҵақәа ирҭеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы ижәны амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа рхьырхәра иазкны иҿыцу ауснагӡатәқәа азԥхьагәаҭоуп. Ахәҭакахьала, урҭ мызкы ҳәа аҽҳәара аҭаны рмашьынақәа рымхра азы аԥшьгара ҟаҵоуп.  

Автоҳәынҭинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа ишазгәеиҭаз ала, азинхархәаралшара аганахьала азҵаарақәк ыҟоуп.  Убри инамаданы, иара, иарбоу азҵаара аҿы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа активла аус рыцура ахәҭоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы ҿыц Дамеи Аҩӡба иҟынтәи хра злоу алҵшәақәа аазырԥшыша аӡбамҭақәа рыдкылара дшазыԥшу, аха убри аан урҭ рзы иара хаҭала аҭакԥхықәра шынаигӡало азгәеиҭеит. Убри аан аҩныҵҟатәи аусқәа Рмнистрра анапхгаҩцәа Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа ипопулиарм аӡбамҭақәа ракәзаргьы, аха амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рырмаҷреи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиқәырхареи алзыршо  рынагӡараҿы ацхыраара шарҭало  азгәарҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. 

 

 


Read 212 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.