АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2024

Аслан Бжьаниа Хьыбла Герзмааи Ильдар Абдразакови идикылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Хьыбла Гьерзмааи урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист  Ильдар Абдразакови идикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иазгәеиҭеит афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит» ҩажәижәаба шықәса ишрықәу шьҭа, уи амҩаԥгара ареспублика акультуратә ԥсҭазаараҿы кыр шаҵанакуа.

Ари, уи иажәақәа рыла, аԥсуа публика иҳараку акультура радԥхьаларазы лшара дууп. «Ари азы ҷыдала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ильдар Абдразаков иахь ихы рханы, Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:

«Издыруеит, Шәара Хьыбла Герзмаа лыдагьы егьырҭ ҳџьынџуаагьы аиҩызара шшәыбжьоу. Уи ҳара ҳзы гәахәара дууп. Аԥсны есымша шәара шәзы иаартуп, шәабара ианакәызаалак ҳаигәырӷьоит».

Хьыбла Гьерзмаа Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиԥыларазы, аклассикатә музыка афестиваль амҩаԥгараҟны атәыла анапхгара иҟанаҵо адгыларазы.

«Сара сзы гәахәара дууп сы-Ԥсадгьыл аҟны сҩызцәеи сареи сыжәлар ирызнаҳго аныҳәазы алшара ахьҳамоу. Насыԥны исыԥхьаӡоит ари адгьыл аҟны сахьиз», - ҳәа илҳәеит аоператә шәаҳәаҩы. 

Лара илгәалалыршәеит ари афестиваль шаԥҵаз 2001 шықәсазы лани лаби ргәалашәара иазкны.

Хьыбла Герзмаа иазгәалҭеит акыр шықәса ирылагӡаны афестиваль аусура аҿы ишлывагылоу лара лҩызцәеи рколлегацәеи:

«Ильдар Абдразаков уажәадагьы Аԥсныҟа даахьеит, иара ҳара ҳҩыза ду иоуп. Акыр зыхьӡ нагоу амузыканцәа Аԥсныҟа иаахьеит. Урҭ иреиуоуп Владимир Спиваков, Елена Образцова, Денис Мацуев».

Ильдар Абдразаков Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адкыларазы, иара убас Хьыбла Герзмаа ари зеиӷьаҟам акультуратә усмҩаԥгатә Аԥсны еиԥш Урыстәылагьы иахьымҩаԥылго азы  иҭабуп ҳәа еиҳәеит.

«Ари афестиваль Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аимадара еиҳагьы иарӷәӷәоит, акультура аганахьала ҳаизааигәанатәуеит, еиҳа аԥхарра ҳабжьалоит.  Сара сзы насыԥ дууп Хьыбла Герзмаа еиҿылкаауа ари афестиваль Урыстәыла еиԥш Аԥсныгьы алахәхара. Сара уажәадагьы Аԥсныҟа саахьеит, аха есымша сгәы хыҭхыҭуеит арахь санаауа, еиуеиԥшым аплошьадкақәа рҿы санықәгыло, аиашазы, аԥсуа жәлар ргәыбылра скит», –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ильдар Абдразаков.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Ильдар Абдразаков «Аԥсны жәлар рартист» ҳәа ахьӡ ихиҵеит. Абри азы Ахада Аусԥҟа инапы аҵаиҩит ԥхынгәымза 15 рзы.

Аоператә шәаҳәаҩы Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит иоуз аџьшьара азы, ҳаҭыр ақәҵаны, гәадурала ишныҟәигало азгәаҭаны.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа риҭеит. 

Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит» аатуеит Аҟәа, ԥхынгәы 15 рзы. Аԥснытәи апрограмма хә-концертк рыла ишьақәгылоуп. Аҽа ф-концертки аҟазаратә-классқәеи Урыстәыла ақалақьқәа рыҟны имҩаԥысуеит, ҩба – Китаи.

 

 

 

 

 


Read 84 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.