АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2024

Лаша Ашәба зыԥсҭазаара иалҵыз Альфред Какуев иҭаацәа дрыдышшылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара –Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба зыԥсҭазаара иалҵыз Ареспублика Аԥсны Апарламент I ааԥхьара адепутат Альфред Леонид-иԥа Какуев иҭаацәа дрыдышшылеит.

Адышшыларатә шәҟәы аҿы иаҳәоит:

«Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара– Апарламент Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент I ааԥхьара (1991–1996 шш.) адепутат – Альфред Леонид-иԥа Какуев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.  

Альфред Леонид-иԥа  Какуев 90-шықәса дшырҭагылаз, ԥхынгәымза 13, 2024 шықәса рзы иԥсҭазаара далҵит. Атәылаҿы еицырдыруаз аполитикатә усзуҩ иԥсҭазаара алҵра – аус ицызуази хаҭала дыздыруази зегьы рзы  цәыӡ дуӡӡоуп. Альфред Какуев иԥсҭазаара зегьы ҳреспублика аԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалан. Альфред Леонид-иԥа  ареспублика аинтересқәа аполитикатә шьақәырӷәӷәара ашықәсқәа раан еиԥш,  1992-1994 шықәсақәа рзы иуадаҩыз аибашьра аамҭеи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәеи рзы атәыла аинтересқәа зыхьчоз, Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Апарламент иаԥсоу депутатын. Альфред Леонид-иԥа Какуев игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәалашәараҿы иаанхоит», – ҳәа иаҳәоит Жәлар Реизара –Апарламент адепутатцәа иҟарҵаз адышшыларатә шәҟәы аҟны.

Альфред Леонид-иԥа Какуев Ареспублика Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа  – «Ахьӡ –Аԥша» аорден III аҩаӡара ианашьан.

 


Read 83 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.