АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2024

Аминистрцәа Реилазаара гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз Витали Валериан-иԥа Шариа иҭаацәа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара гәалсра дула ирыдышшылоит зыԥсҭазаара иалҵыз  Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ашәҟәыҩҩы, апублицист, агазеҭ «Эхо Абхазии» аредактор Хада Витали Валериан-иԥа Шариа иҭаацәа.

50 шықәса инареиҳаны Витали Валериан-иԥа Шариа Аԥсны амассатә информациа ахархәагақәа рҿы аус иуан, идуу арҿиаратә мҩа данысит. Егьырҭ аӡәырҩы инагоу аспециалистцәа реиԥш иаргьы амилаҭтә ихьыԥшым апресса ахыҵхырҭаҿы дгылан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны Аиааира Амш аҽнынӡа Витали Валериан-иԥа Шариа иколлегацәа дрывагыланы Гәдоуҭа ақалақь аҿы агазеҭ «Республика Абхазия» ҭижьуан, иара убри ала Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа хәызмаӡам аинформациатә дгылара риҭон. Иара икалам иҵыҵыз аповестқәеи ажабжь шьахәқәеи иԥхьагылоу урыстәылатәи ажурналқәа: «Наш современник», «Смена», «Свет», иара убас есымчыбжьа иҭыҵуаз «Литературная Россия» адаҟьақәа ирнылон.

Аԥсуа журналистика аветеран Витали Валериан-иԥа Шариа игәалашәара лаша наунагӡа иуаажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит. 

 

 


Read 92 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.