АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынгәы.2024

Дамеи Аҩӡба Автоҳәынҭинспекциа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҿы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.   Иара Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа ахатәы еилазаара аҿаԥхьа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵоу Дамеи Аҩӡба идгалара мҩаԥигеит.

Анапхгаҩы ҿыц идгалара мҩаԥго, Роберт Киут амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аганахьала анорма-зинтә еиҿкаара аҭышәынтәалареи амашьынарныҟәцаҩцәеи ашьаҟауааи рыбжьара амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара азы апропаганда амҩаԥгареи, иара убас амаҵзуратә усура аиӷьтәразы ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа ралагалареи иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.     

«Абри зегьы азы акадртә еиҭакрақәа аҭахны иҟалеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусура ахылаԥшра азҭо, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Чкадуа, Дамеи Аҩӡба азинхьчаратә система аҿы аус иуеижьҭеи крааҵуеит, Автоҳәынҭинспекциа аҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы шьахәлаҵәҟьа идыруеит  ҳәа иазгәеиҭеит. Беслан Ҷкадуа амҩаду иану амашьынақәа рхыԥхьаӡара акыр ианазҳауа аԥхынтәи аамҭахәҭазы Аусбарҭа аусзуҩцәа  русура ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭара аҭахуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба анапхгара аҟынтәи иоуз агәрагара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Убри аан уи асистема аҿы иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа рганахьала игәаанагара иҳәеит.  

Аилатәара ахыркәшамҭаз атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара даҽазныкгьы Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа ахатәы еилазаара ареспублика амҩадуқәа рҿы амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра азы доусы ирыдҵоу аҭыԥқәа рҿы аусура арӷәӷәара азы адҵа роуит. 

 


Read 195 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 11:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.