Раԥхьаӡа иргыланы иахәҭаны иҳаԥхьаӡоит атәылауаҩ Адлеиба Д.И. Ареспублика Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 12 иарбоу инақәыршәаны, «расала, милаҭла дзеиуазаалакгьы, дхаҵоума-дыԥҳәысума, бызшәас дызлацәажәозаалакгьы, хылҵышьҭрала дзеиуазаалакгьы, имазаратә ҩаӡара зеиԥшразаалагьы, маҵуратә ҭыԥс иааникылозаалагьы, дахьынхо, динсхаҵарас иныҟәиго, идунеихәаԥшышьа, идеологиа зеиԥшразаалакгьы, уҳәа егьырҭ аҭагылазаашьақәа ирыдҳәаламкәа зегьы азакәани аӡбарҭеи раԥхьа зинла еиҟароуп». Убас ала, Аконституциа азакәантә шьаҭала ишьақәнарӷәӷәеит аерманцәеи егьырҭ амилаҭқәеи иреиуоу ҳтәылауаа Аԥснытәи Аҳәынҭқарра аԥсҭазаара иадҳәалоу азҵаарақәа зегьы рҿы рзинқәа реиҟарара.
Ари аиҟарара милаҭрацәала еилоу ҳтәылауаа еиднакылеит аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан, усҟан милаҭла еиуеиԥшымыз ҳтәылауаа рыжәҩахыр еибыҭа аԥсуаа ирывагыланы ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа ирҿагылеит. Зхи-зыԥси иамеигӡаз, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп имаҷымкәа аерманцәа. Ари афакт даҽазныкгьы иарҵабыргуеит милаҭла иерманцәоу ҳтәылауаа Аԥсны атәылауаҩра азгәадура азы моралла азин шрымоу.
Иара убас иахәҭаны иҳаԥхьаӡоит атәылауаҩ Адлеиба Д.И. игәаларшәара, иареи идгылаҩцәеи иаартны ирҳәаз ргәаанагара адискриминациатә ҟазшьа шамоу, уи милаҭла изеиуоу ала ауаа изыԥсоу ашьара акыр раҳаҭыр шланарҟәуа. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа Ареспублика Аԥсны азакәанқәа ирҿагылоит, уи ианаамҭоу аԥхьырҟәҟәаара хымԥадатәиуп!