АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Рашәара.2024

Апарламент аҿы еиҭашьақәыргылаз ахыҵхырҭақәа рҟынтәи афымцамч агенерациеи ахархәареи рызҵаара иалацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Апарламент аҿы аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы аилатәара мҩаԥысит. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура. 

Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент адепутатцәа, аенергетикеи атранспорти Рминистрреи аилазаара ЗҲәА «Мой зеленый дом» ахаҭарнакцәа.  

Иахәаԥшын еиҭашьақәыргылаз ахыҵхырҭақәа рҟынтәи афымцамч агенерациеи ахархәареи рызҵаара. Ус уҳәар алшозар, аиаҵәара иахылҵуа аенергиа  ахыҵхырҭақәа рахь иаҵанакуеит аԥша, амра ашәахәақәа, аӡымҩасқәа, аӡыршыршәқәа (агеизерқәа), абиофымца. Урҭ рԥыжәара  аекологиа аԥырхагамхара иадҳәалоуп.

Аилазаара ЗҲәА «Мой зеленый дом» аҿиаразы адиректор Мераб Кистаури еизаз рҿаԥхьа Аԥсны иахьаҵанакуа аиаҵәара иахылҵуа афымцамч аидеиа анагӡара иаанарԥшуа алшарақәа рӡыргара ҟаҵо дықәгылеит. Уи ареспублика агеографиатәи аклиматтәи аҭагылазаашьақәа уи аԥсабаратә ресурсқәа рхархәареи альтернативтә хыҵхырҭақәа рҟынтәи афымцамч агенерациеи ахархәареи рзы акыр ишанаало азгәеиҭеит.  

Адепутатцәа иарбоу азҵаара анаҩстәи аҭҵаареи ирыдгалаз аԥшьгарақәа рыхәаԥшреи аганахаьала азҿлымҳара аадырԥшит. 

 

 


Read 209 times - Асабша, 15 Рашәара 2024 13:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.