«Шәара есыҽны ҳгәабзиара, ҳаԥсҭазаарақәа рыхьчара иазку аусура нашәыгӡоит! Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ижәбо аџьабааи иаашәырԥшуа азанааҭдырреи, аиҳарак ачҳареи арыцҳеибашьареи рзы. Шәара ишәыбзоураны ҳара ҳгәабзиарахьчара асистема еиҳа-еиҳа аҩаӡара шьҭыҵуеит иҿиоит. Ишәзеиӷьасшьоит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, алшарамч, еицамкәа азанааҭтә гәазҭазаара», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.
Амедицина аусзуҩцәа убасҵәҟьа дрыдныҳәалеит Марина Шанаа.
«Иҟам адунеи аҿы ауаа ацхыраара рыҭара, ргәабзиара ахьчара, рыԥсы аиқәырхара аҵкьыс еиҳау аусура. Ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп мыцхәы иуадаҩым аусурамшқәа, ибзиаоу, шәџьабаа еилызкаауа апациентцәа, агәҭынчреи шәусура азгәдуреи», -ҳәа илҳәеит лара.
Аҳамҭақәа рырҭеит 250-ҩык инареиҳаны амедицинатә усзуҩцәа.