АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Рашәара.2024

Муҳаммад Али Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимов диԥылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Урыстәылатәи Афедерациеи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи реизыҟазаашьақәа рырҿиара азы аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла Ахада ихаҭарнак, Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимов диԥылеит.

Аиԥылара аҿы Муҳаммад Али Алеқсандр Ефимов Урыстәыла Амш идиныҳәалеит, урыстәылатәи ажәлар аҭынчреи аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи, иҿыцу аиааирақәеи аихьӡарақәеи рзеиӷьаишьеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи аиашьаратә еимадареи аиҩызареи агәреибагареи рыбжьоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Алеқсандр Ефимов, ахәҭаахьала, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ирыҵоу аҵакы ахадара ҷыдала иазгәеиҭеит, убри аан иара Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҿы иҟоу аԥснытәи адипломатиатә миссиа иаҭаххоны иҟалар, ацхыраареи адгылареи рыҭара дазхиоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 


Read 245 times - Асабша, 15 Рашәара 2024 11:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.