АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Рашәара.2024

Одиссеи Бигәаа Жәларбжьаратәи женевтәи аиҿцәажәарақәа Рыцхантәаҩцәа идикылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 12, 2024 шықәса рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәаа Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыгылара азы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа Рыцхантәаҩцәа  – Алада Кавказ ала Европатәи атәылақәа Реидгыла аҟынтәи иҷыдоу ахаҭарнак Тоиво Клаар, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахаҭарнак Џьихан Султаноглу, иара убас Алада Кавказ ала Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы   Виорел Мошану дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура..

Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аконсултә департамент анапхгаҩы Лаша Аҩӡбеи Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент анапхгаҩы Артур Гагәылиеи.

Аконсультациақәа иртема хаданы иҟан изаамҭанытәиу женеватәи аиҿцәажәарақәа 61 –тәи рраунд амҩаԥгареи ари аформат ала ԥхьаҟагьы аусура ацашьеи.

Ирылацәажәан арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа, агуманитартә зҵаарақәа, иара убасгьы егьырҭ актуалтә зҵаарақәа жәпакы.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирыхәҭаку Гал ақалақь аҿы аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат аусура алагара алацәажәара.

Иара убасгьы ирылацәажәан аполитикатәии агуманитартәии ҟазшьақәа змоу апроблемақәа.

Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 61- тәи рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп 2024 шықәса, рашәара 25-26 рзы. 


Read 207 times - Асабша, 15 Рашәара 2024 11:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.