АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Рашәара.2024

Муҳаммад Али Шьамтәыла аиустициа аминистр Авад Аль-Саиед диԥылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла аиустициа аминистр Ахммад Авад Аль-Саиед диԥылеит.

Аиԥылара аҿы Шьамтәыла аиустициа аминистр ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аизыҟазаашьақәа адипломатиатә ҩаӡара аҿы рырҿиареи рырӷәӷәареи иаҵоу аҵакы ахадара ахгәеиҭеит. Уи Шьамтәыла Ахада Башар Асад ажәларқәа ахьыԥшымразы рзинқәа рыхьчареи аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аполитика аҽаламгалареи дшадгыло атәы далацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аминистр иара убас аҩ-тәылак ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа дшадгыло атәы иҳәеит, избан акәзар Шьамтәыла иқәынхо аԥсуа диаспора шьамтәылатәи ауаажәларратә еилазаара иахәҭакуп. Аль-Саиед аҩ-ҳәынҭқаррак аиустициа Аминистррақәа рыбжьара аусеицура азы аиқәшаҳаҭра анапыҵыҩра  аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшареи Аԥсни Шьамтәылеи азиндырратә усхкы аҿы ирымоу аԥышәеи адырақәеи рхырхәареи шхыԥадатәиу азгәеиҭеит.

Муҳаммад Али Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц ихьӡала ааигәа иазгәарҭараны иҟоу Кәырбан-Баирам аныҳәа инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит, убри аан уи Аԥсны аиустициа Аминистрра аиҩызаратә ҩ-ҳәынҭқарраки урҭ рыжәларқәеи рыбжьара аимадара арӷәӷәареи Аԥсны Шьамтәылеи рыбжьара аӡбаратә усхкы аҿы аусеицура аҿиареи ишазҿлымҳау азгәеиҭеит. Иара убасҵәҟьа иара аԥсуа ган ҩ-ҳәынҭқаррак аиустициа Аминистррақәа русеицура азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ишазхиоу иҳәеит. Иара иажәақәа рыла, уи аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара азы хра злоу усны иҟалоит. 


Read 258 times - Асабша, 15 Рашәара 2024 11:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.