АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Рашәара.2024

Алеқсандр Анқәаби Дмитри Вольвачи аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи асоциал-економикатә усеицура азы аԥсны-урыстәылатәи Анапхгарабжьаратәи акомиссиа алахәылацәеи Урыстәыла анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәа – аекономикатә ҿиара Аминистра, афымцамч Аминистрра, атранспорт Аминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аџьа Аминистрра, аҵара Аминистрра ахаҭарнакцәеи алархәны   аусуратә еиԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Ари аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Аԥсны иҟоу Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесовеи.

Аганқәа ирылацәажәеит аҩ-ҳәынҭқарратә рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара шьаҭас иҟаҵаны Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәгылара Апрограмма анагӡара азҵаарақәа, иара убас  2024 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергосистема аҿы иҟоу афымца азымхара ахарҭәаара иазку аусмҩаԥгатәқәаеи егьырҭ аекономика аусхкқәеи адгылара рыҭара иазку аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамч ала аиқәыршәара аоптимизациа иазкны аусмҩаԥгатә рыплан (Амҩақәҵагатә хсаала) анагӡра, уҳәа азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.     

Урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иҟазаауеит рашәарамза 15 аҟынӡа. Иарбоу аамҭа иалагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара адгылара аҭара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны иргылаз, мамзаргьы еиҭашьақәргылоу аобиектқәа ирҭаараны иҟоуп. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура ааиҭахацыркра азы аинвестициатә проект  анагӡара ахылаԥшра аҭара азы аусуратә гәыԥ аилатәара.


Read 174 times - Асабша, 15 Рашәара 2024 10:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.