АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2024

Даанкылоуп Аҟәа агәаны дхысуан ҳәа гәҩарас ирымоу Алхас Воуба.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа  Аҟәа агәаны дхысуан ҳәа гәҩарас ирымоу 1994 шықәса рзы ииз Алхас Славик-иԥа Воуба дааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, ахәылбыҽха, лаҵарамза 1, асааҭ 21:00 инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иахьаҵанакуа Леон ипроспект аҿы иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны ахәрақәа иоуит 1977 шықәсазы ииз Ԥлиа О.В. Иара Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаган.

Лаҵарамза 17 рзы, ихацыркыз ашьаусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Воуба Алхас Славик-иԥа иԥшааразы аусмҩаԥгатәқәа рылаҳәан. Рашәара 4 рзы ашьаусԥшаара аусзуҩцәа уи даанкыланы дҭаркит.

Иаанкылоу дҭакуп, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1, иара убас ахәҭаҷ  105, ахәҭа 2, ап. «в» иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура азы ахара идырҵеит. Ашьусеилыргара мҩаԥнагоит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәша.


Read 243 times - Аԥшьаша, 13 Рашәара 2024 12:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.