АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2024

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ақьафурҭақәа рҳа «Вкусно и точка» ахада Олег Пароев Аԥсны — Урыстәыла иазханаҵаз, исуверентәу ҳәынҭқарроуп ҳәа игәаладыршәоит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы ақьафурҭақәа рҳа «Вкусно и точка» ахада Олег Пароев Урыстәылатәи Аинформациатә Агентра «РИА Новости» аинтервиу аҭо, «…Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҟны Қырҭтәыла иахәҭакуп…» ҳәа ииҳәаз ахҳәаа арҭеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра абизнесмен иҿала иарбан жәларбжьаратәи азин  иарбан субиектзаалакгьы жәларбжьаратәи астатус аганахьала аполитикатә ҳәамҭа дуқәа рыҟаҵаа шиашам азгәанаҭоит.  Уаанӡа Олег Пароев РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәахьан, Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҟны Қырҭтәыла иахәҭакуп ҳәа изларԥхьаӡо ала «аибарххарақәа ҟамларц» азы ақьафурҭақәа рҳа «Вкусно и точка» араҟа аартра мап шацәикуа азы.

«Аилазаара «Вкусно и точка» зҵакыраҿы ашәҟәы иҭагалоу, аиуристтә хаҿы аҳасабала аусурагьы ахьынанагӡо Урыстәылатәи Афедерациа  Ареспублика Аԥсны асуверенитети ахьыԥшымреи азханаҵахьеит. Зыӡбахә ҳәоу аилахәыра аҳәаанрцәтәи аусура иадҳәаланы иамазар ауа акоммерциатәи азинтәи ԥкрақәа Урыстәылатәи Афедерациа астратегиатә ҩыза аганахьала ииашам, имҽыӷу ацәажәарақәа рзы шьаҭас иҟамлароуп», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.

Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аҿы Олег Пароев иабжьыргоит аринахыс Ареспублика Аԥсны жәларбжьара-зинтә статус аганахьала ишабалак ала аполитикатә ҳәамҭақәа рыҟаҵара иҽацәыихьчаларц азы.

 


Read 168 times - Ахаша, 12 Рашәара 2024 19:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.