АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Рашәара.2024

Алеқсандр Анқәаб Михаил Шургалин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  Аԥсны иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин аҳәынҭқарратә ныҳәа  – Урыстәла Амш инамаданы дидныҳәалеит.

«Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ари арыцхә атәылауааи Аԥсадгьыли иузеиҟәмыҭхо реимадара, милаҭрацәала еилоу Урыстәыла ажәлар ртәыла ԥхьатәи аԥеиԥш азы ирзеиԥшу аҭакԥхықәра  символра ауеит. Шьҭа традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, арегионалтәи жәларбжьаратәи аҭышәынтәалара ахьчара иадгыло Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә авторитет акыр ишыҳараку азгәоумҭар залшаӡом.

Ҳтәылақәа ирыбжьоу аидгыларатәи аимабзиаратәи аизыҟазаашьақәа акыр аҵак ду ҳзаҵоуп. Аринахысгьы ҳажәларқәа рыеизҳазыӷьара ахьӡала урҭ рырӷәӷәареи рырҿиареи рзы иахәҭоу аусура амҩаԥгара ҳазхиоуп»,-ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Алеқсандр Анқәаб Михаил Шургалини Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа зегьи аизҳазыӷьареи рнапы злаку адипломатиатә усура аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи рзеиӷьаишьеит  

 


Read 312 times - Аԥшьаша, 13 Рашәара 2024 16:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.