2024 шықәса, 5 мыз рыҩныҵҟа планла иазԥхьагәаҭаз 1 млрд. 111 млн мааҭ рыла инагӡаз ашәатәқәа реицҵалыҵ 1 млрд 533 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убас ала, аплан 422,6 миллион мааҭ рыла иацҵаны 38% рҟынӡа инагӡахеит.
04.Рашәара.2024
5 мыз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 138% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса 5 мыз рыла аҳазалхратә шәатәқәа рыплан 138% рыла инагӡоуп.
Лаҵарамзазы аҳазалхратә шәатәқәа рхыԥхьаӡалара 399,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.