Аҵарауаа Қәыԥшцәа Рхеилак инанагӡо анаукатәи ауаажәларратәи аусура азы еиҳа инарҭбаау аинформациа, афтоматериалқәа, апубликациақәеи ақәгыларақәеи ртезисқәа уаԥхьар ҟалоит Аҵарауаа Қәыԥшцәа Рхеилак аtelegram-канал аҿы.
04.Рашәара.2024
Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит аҿы ицәырҵит Аҵарауаа Қәыԥшцәа Рхеилак иазку аҟәша.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит аҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Аҵарауаа Қәыԥшцәа Рхеилак иазку аҟәша аусура иалагеит.
Аҵарауаа Қәыԥшцәа Рхеилак арубрика х-ҟәшак рыла ишьақәгылоуп: Ахеилак аилазаара, аусшәҟәқәеи аусуреи.
Ахеилак аилазаараҿы иҟоуп 35-ҩык аҵарауаа қәыԥшцәа. Ахеилак напхгара алҭоит анаука азы Аҳәынҭқаррра Ахада иабжьгаҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет Аԥсны аҭоурыхи археологиеи аетнологиеи ркафедра арҵаҩы Милана Бжьаниа.