АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2024

Апарламент аҿы актәи аԥхьараҿы апрокуратура азы азакәан апроект рыдыркылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Ареспублика Аԥсны апрокуратура азы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Азакәан апроект Аԥсны Аконституциа  ақәныҟәареи ареспублика аҿы иҟоу азакәанқәа рынагӡареи азакәанра акзаареи арӷәӷәареи ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара, иара убас азакәан ахьчара иаҵанакуа аҳәынҭқарреи ауаажәларреи ринтересқәа рынагӡара иахәҭоу ахылаԥшра азы апрокуратура аусура амеханизмқәа рырӷәӷәареи реиӷьтәреи хықәкыс иҟаҵаны еиқәыршәан.  

Иабоу азакәан апроект иҿыцу алагалақәа азԥхьагәанаҭоит. Убарҭ иреиуоуп:

– Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура еиҵоу аҩаӡараҿы иҟоу апрокурорцәа еиҳау аҩаӡараҿы иҟоу апрокурорцәеи апрокурор Хадеи рхьыԥшра ала ишьақәгылоу иаку еизаку асистема ауп;

– Апрокурор административтә усеилыргарақәа рхацыркреи административтә усеилыргарақәа рымҩаԥгареи рзы азинмчы иоуеит;

– Апрокурорттә хылаԥшра амҩаԥгара аҽалагалара алмыршара азы ахәҭаҷ, иназыцҵоу аԥҟарала ихарҭәаахоит. Уи инақәыршәаны, азыҳәаҩ аусшәҟәқәа рҟынӡа инаӡара, ирбара азы алшара иҭаразы шәҟәыла еиқәыршәоу аӡбамҭа рыдыркылоит: Апрокуратура Хада аҿы -  апрокурор Хада, уи ихаҭыԥуаҩцәа, Апрокуратура аусбарҭақәеи аҟәшақәеи рнапхгаҩцәа, ақалақьқәа, араионқәа, арратәии егьырҭ аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу апрокуратурақа рҿы – уи азы азинмчы змоу апрокурор, мамзаргьы уи ихаҭыԥуаҩцәа;

– Апрокурор агәаҭара амҩаԥгараан изинмчы алкаауп, уи иарбоу аусмҩаԥгатә аан иусура амҩаԥгара алгоритм алагалоуп, насгьы агәаҭара    иахысуа аусбарҭа (аиҿкаара) иназыцҵоу агарантиақәа шьақәыргылахоит.

 


Read 133 times - Аҩаша, 04 Рашәара 2024 14:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.