АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Рашәара.2024

Аслан Бжьаниа Артур Чилингаров иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Аҟәа. Рашәарамза 3, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи аҵарауаҩ, аокеанолог Артур Чилингаров иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адышшыларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Сшәыдышшылоит Асовет Еидгыла Афырхаҵа, Урыстәылатәи Афедерациа Афырхаҵа Артур Чилингаров иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы. Ҳара зегьы дҳаԥхеит зыхьӡ-зыԥша дууз урыстәылатәи аҵарауаа реилазаара ахаҭарнак. Артур Николаи-иԥа Арктикеи Антарктикеи рыҭҵаара аус аҿы акыр злага ду алаз  иналукааша ҵарауаҩын, ҭҵааҩын.

Аҳәынҭқарратә Дума адепутатс даныҟаз, иара зуси-зажәеи иемадоу анапхгаҩи Зыԥсадгьыл аинтерессқәа рыхьчара есымша иазхиоу апатриот иашеи раҳасабала ихы ааирԥушан. Ус дагьаанхоит уи дыздыруази иҩызцәеи ргәалашәараҿы.  Ари алахьеиқәҵаратә мшы азы Аԥсынгьы гәалсра дула ирыдыркылеит ари ажәабжь хьанҭа. Артур Чилингаров иуацәеи иҭынхацәеи ргәырҩа рыцеиҩыршоит. Артур Николаи-иԥа Чилингаров игәалашәара хашҭра ақәым наунагӡа». 

 

 


Read 173 times - Аҩаша, 04 Рашәара 2024 12:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.