АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Лаҵара.2024

Иҷыдоу Арратә Операциа амҩаԥгараан иҭахаз Урыстәылатәи аруаа рхәыҷқәа Пицунда рыԥсы ршьалоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭемраз Хишба Калугатәи аобласт аҟынтәи ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иааз аҭаацәа рацәа иалҵыз, Иҷыдоу Арратә Операциа амҩаԥгараан иҭахаз Урыстәылатәи  аруаа рхәыҷқәа дырԥылеит.

29 - ҩык ахәыҷқәа акурорт Пицунда иаҭааит.

Атуризм Аминистрра ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкааразы ганрацәала ацхыраара ҟанаҵоит.  

Ахәыҷқәа ирыцны иааит урҭ рҭаацәеи Калужтәи аобласть аџьеи асоциалтә хьчареи Рминистрра ахаҭарнакцәеи.  

Ахәыҷқәеи, рҭаацәеи, Калугатәи аобласт Асоциалтә џьа аминистрра ахаҭарнакцәеи рыҧсшьара ахә ашәоит акурорт "Пицунда".

Ахәыҷқәа аԥхынтәи рыԥсшьара аиҿкааразы заанаҵтәи аиқәшаҳаҭра бжьаҵан хәажәырамза, 2024 шықәса рзы Ҭемраз Хишба Калужтәи аобласт ахь иусуатә ҭаара амҩаԥгара аан. 

 


Read 167 times - Аҩаша, 28 Лаҵара 2024 03:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.