АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Лаҵара.2024

У. Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль Ориол ақалақь имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль «Традиции Святой Руси» аҿы иқәгылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. У. Царгәыш ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рзы аҳәынҭқарратә ансамбль раԥхьаӡа акәны Ориол ақалақь аҿы аиашахаҵаратә культуреи жәлар рҟазареи VII жәларбжьаратәи афестиваль «Традиции  Святой Руси» аҿы иқәгылеит.

Аамҭала Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр афестиваль аиҿкааҩцәа адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа ралҳәеит, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

«Ари афестиваль – аиашахаҵаратә культуреи жәлар рҟазареи абеиара аилкаара азы иуникалу лшароуп.

Абжьарашәышықәса инаркны Абасгиеи Урыстәылеи иаку аиашахаҵаратә қьырсиантә дин ала еимадан. Ари адоуҳатә еидгылара ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа, рыиашьаратә еимадара ашьақәгылара иашьаҭаны иҟалеит. Ҳара иаҳзеиԥшу анцәахаҵара  еиуеиԥшым аамҭақәа раан ицәырҵуаз ауадаҩрақәа раиааира аҿы ацхыраара адагьы, акультуратәии адоуҳатәии аимадара, аилибакаара, аҳаҭырқәҵара рзы ашьаҭа аԥнаҵон.

Иахьа ҳара иаабоит Урыстәыла аиашара ахьчара, ахатә культура, аҷыдаҟазшьара, атрадициақәа реиқәырхара ишаҿу. Ари акыр зҵазкуа аамҭа азы Аԥсны иалшо зегьы ҟанаҵоит ари ақәԥара аҿы Зегь Зымчу иҳаҭәеишьаз аиашареи ахәдуқәеи аԥыжәара ргарц азы», - ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә текст аҿы.

Аслан  Бжьаниа «Традиции Святой Руси» еиԥш иҟоу афестивальқәа рҿы иҿыцу атрадициақәа шаԥҵахо, ажәларқәа реидкылареи акультуратә ҭынха аиқәырхареи алзышо ажәытә традициақәа еиҳагьы ишыӷәӷәахо азгәеиҭеит.  

Аҳәынҭқарра Ахада афестиваль алахәылацәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәазҭазаара, иҿыцу арҿиаратә еихьӡарақәеи  акультуратә хәдуқәа реиқәырхареи реихаҳареи аус аҿы аманшәалареи.  

Динара Смыр атуризм аминистр Ҭемраз Хишба афестиваль алахәхара азы иҟаиҵаз аԥшьгареи ансамбль агастрольқәа рымҩаԥгара алыршаразы афинанстә цхыраареи рзы иҭабуп ҳәа иалҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура. 

 


Read 154 times - Аҩаша, 28 Лаҵара 2024 03:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.