АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2024

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәара ихы алаирхәит.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ  Ашоҭ Миносиан Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәара ихы алаирхәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара аофициалтә саит.

Аилатәара мҩаԥигон Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак ахантәаҩы, Ареспублика Калмыкиа Жәлартә Хурал (Апарламент) ахантәаҩы Артиом Михаилов. Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәара рхы аладырхәит Апарламенттә Ассоциациа   XI аконференциа ахь иааз аделегациақәа зегьы рнапхгаҩцәа.

Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Акомитет ала XI аконференциа амшхәаԥштә ахь зыдгалара мҩаԥгаз азҵаарақәа ианрылацәажә ашьҭахь, апарламенттә делегациақәа рнапхгаҩцәа Аконференциа амшхәаԥштә шьақәдыргылеит, Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аусура азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, анаҩс, Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы анашьареи иааиуа Аконференциа амҩаԥгара аҭыԥи рзы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аҿы активла аусуреи апарламентбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара аҿы рлагалеи рзы, Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак, уи аилазаара иалоу адепутатцәақәаки Апарламентқәа раппаратқәа русзуҩцәақәаки   Аҳаҭыртә шәҟәы ранашьара азы аӡбамҭа аднакылеит. Убас, Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы ланашьахеит Рашида Аиба – асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы.


Read 242 times - Асабша, 25 Лаҵара 2024 13:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.