АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2024

Лаҵарамза 21 – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш ауп.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 21 рзы XIX ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылеи Ааигәа Мрагылара еиуеиԥшым атәылақәеи рахь ихҵәаны имцар ада ԥсыхәа рызымҭаз аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 160 шықәса ҵит.

Лаҵарамза 21 рзы Аԥсни Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәеи рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш.  

Лаҵарамза 21 рзы Аԥсны еиԥш Нхыҵ Кавказ ареспубликақәагьы рҿы иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш. Рҽеидкыланы аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны рцара аиҳарак изыхҟьаз атәы еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы Гьаргь Ӡиӡариа ифундаменталтә усумҭа «Амҳаџьырреи ХIХ ашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых апроблемақәеи» аҿы иарбоуп:

– Аурыс аҳра Кавказ инанагӡоз аколониалтә политика;

́– Ари адгьылҵакыра ампыҵакра иашьҭаз асулҭантә Ҭырқәтәыла имҩаԥнагоз агрессивтә акциақәа;

– Ҭырқәтәыла иадгыланы Урыстәыла Ааигәа Мрагылараҿы апозициақәа рыркәадара иашьҭаз мраҭашәаратәи, аиҳарак англызтәи аколонизаторцәа инарыгӡоз апровокациатә роль;

– Аҭырқәцәа ирыдызцәылоз ареакциатә феодалтә идиологиа иадгылоз аҭыԥантәи ҭауади-аамсҭеи рчарҳәара.  

Акыр аҵанакуан адинхаҵаратә факторгьы. Атәыла ауааԥсыра рыхәҭак иныҟәыргоз амсылмантә дин  аҭырқәа сулҭан амсылманцәа зегьы иреиҳаӡоу ахылаԥшҩны дыҟоуп ҳәа ирыланарҵәон. Асоциалтә напхгараҭара знапы иакыз рхы иадырхәон ашәышықәсала ишьақәгыланы иҟаз аҵасқәеи аимҭашьҭратә еизыҟазаашьақәеи. Аурыс аҳра Кавказ арра-колониалтә режим ашьақәыргылара азы аҽазышәарақәа ашьхарыуа жәларқәа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аҿиара ахылҿиаауан.  Аҳ иеинралцәеи ачынуааи рҽазҵәылхны «мчыла аиқәкра» аметодқәа нарыгӡон. Уи рхы иадырхәон аҳра зуаз англызтәии аҭырқәатәи аелита. Урҭ рхықәкқәа рынагӡара мацара иазхәыцны еиҳагьы аҭагылазаашьа дыруадаҩуан.  

XIX ашәышықәса актәи азыбжазы убасҵәҟьа Кавказ иқәынхоз ауааԥсыра рыхәҭак, аԥсуаагьы уахь иналаҵаны ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа рцара афактқәа аҭыԥ рыман.  

Кавказ ашьхарыуаа жәларқәа раԥхьаӡа рҽеидкыланы аҳәаанырцә рцара ҟалеит 1859 – 1865 шш. рзы.

1867 шықәсазы иҟалаз амҳаџьырра ԥхынгәымза 26, 1866 шықәсазы Лыхны ақыҭан ажәлар рықәгылара иахҟьеит. 20 нызықьҩык аԥсуаа Аԥсны ааныжьны мҳаџьырра ицеит.  

ХIХ ашәышықәсазы  зегьы иреиҳаз амҳаџьырра ҟалеит 1877 шықәсазы, усҟан Аԥсны ааныжьны ицеит  50 нызықьҩык аԥсуаа.

___

Лаҵарамза 21 рзы, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳынҭқарратә Еилаки аџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхәынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилаки Кавазтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш иазкны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. Убас:

Асааҭ 18:00 рзы  –  С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥгахоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазку ахәылԥаз.  

Асааҭ 18:30 рзы  – С.У.Багаԥшь ихьӡ зху аплошьад аҟынтәи Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу амҳаџьыраа ргәалашәара абаҟа аҟынӡа аҿар абираҟқәа кны рықәсра.

Асааҭ 19:30  рзы  – Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу амҳаџьыраа ргәалашәара абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит.

Асааҭ 20:15 рзы  – Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу амҳаџьыраа ргәалашәара абаҟа аҿаԥхьа минуҭктәи аҿымҭра.

Асааҭ 20:30 рзы  –  Агәалашәаратә цәашь ду «Ашьамака» аркреи агәалашәаратә амца аиқәҵареи амшын ашәҭ шьыҵәрақәа рыхҵареи мҩаԥгахоит.   

 

 

 

 

 

 


Read 232 times - Аҩаша, 21 Лаҵара 2024 12:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.