АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Лаҵара.2024

Лаҵарамза 21 рзы – апринц А. П. Ольденбургтәи диижьҭеи 180 шықәса ҵуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, лаҵарамза 21 рзы апринц А. П. Ольденбургтәи диижьҭеи 180 шықәса ҵуеит.

Лаҵарамза 21, 1844 шықәса рзы диит еицырдыруа аԥсуа меценат, агуманист, акурорттә қалақь Гагра ашьаҭаркҩы Алеқсандр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи.

Алеқсандр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи аимператор Павел I иԥа имоҭа иакәын. Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи еицырдыруа анемец хылҵшьҭра змаз аурыс герцогтә ҭауад жәла датәын.

Александр Пиотр-иԥа диит 1844 шықәса, лаҵарамза 21 рзы (иҿыцу астиль ала – рашәарамза 2 – аред.) Пиотр Гьаргь-иԥа Ольденбургтәии апринцесса Терезиа Нассаускаеи рҭаацәараҿы. Абрыла – Урыстәыла аимператор Павел I имоҭа-шьмоҭацәа дыруаӡәкын.

1835 шықәсазы апринц Ольденбургтәи иаб иаԥшьгарала дахысуеит Санкт-Петербург иаартыз Азиндырратә ҵараиурҭа аҟны ихарҭәаау акурс. Иаб еиԥшҵәҟьа апринц ауаа рыцхыраареи, арккаратә ус амҩаԥгареи рахь агәазыҳәара иман. «Иара агәыҳалалратә цхыраара ҟаиҵон: хылаԥшра риҭон ахәыҷтәы хәшәтәырҭеи, Ахҩеланыҳәатәии Ацқьа Гьаргь Аиааирагаҩи рыхьӡ зхыз агәшаҭаратә гәыԥқәеи, арыжәтә мап ацәызкыз ргәыԥи, иара убасгьы адгылара ииҭон аурыс ҵарауаҩ Иван Павлов – Урыстәыла афизиологиатә школ аԥҵаразы имҩаԥигоз аус аҟны», — ҳәа иҩуеит ажурналист Анатоли Клиуев, истатиа «Апринц Ольденбургтәи – акурорт Гагра «аб» ҳәа хьӡыс измоу аҟны.

1856 шықәса инаркны 1890 шықәсанӡа Алеқсандр Пиотр-иԥа апуручик еиҵа иҟынтәи аршьаҟатә аинрал-адиутат иҟынӡа арратә мҩа данысит. Ианашьан  урыстәылатәи аорденқәа Ацқьа Андреи Аԥхьанаԥхьа, Ацқьа Алеқсандр Невски, Ауарба Шкәакәа, Ацқьа Анна лорден  1-тәи 3-тәи аҩаӡарақәа, Ацқьа Станислав иорден  1-тәи аҩаӡара, Ацқьа Гьаргь иорден 4-тәи аҩаӡара, Ацқьа Владимир 1-тәи, 3-тәи аҩаӡарақәа; «Агәымшәаразы» ҳәа аҩыра зныз ахьтәы бџьар; Андреитәи ацахаԥҟа аҿы аныҟәгара азы Алеқсандр II, Алеқсандра III, иара убас Николаи II рпортретқәа. Ианашьан иара убас 16 аҳәаанырцәтәи аорденқәеи амедалқәеи.

1881 шықәса инаркны абзиҟаҵаҩ иаҳасабала аусура далагоит.  Иреиҳаӡоу ақәыршаҳаҭрала азиндырра Аимператортә ҵараиурҭа, Апринц П. Г. Ольденбургтәи ихьӡ зху Ахәыҷы-еибацәа рааӡарҭа, агәыҳалалра-еиҳәшьцәа Иԥшьоу Ахҩеланыҳәатә Реилазаара Аԥҵаҩыс дҟалеит.  Асенатор, Аҳәынҭқарратә Хеилак (1896) алахәыла. Аҵарадырра, агәабзиарахьчара аусхкқәа рҿы агәыҳалалратә усура анагӡаҩы. 1890 шықәса, ԥхынҷкәын мзазы, Ольденбургаа рҭаацәаратә ԥарала, апринц ихаҭа далахәны Санкт-Петербург иаартын аексперименталтә медициназы Аимператортә Институт (иахьазы – аексперименталтә медицина Аинститут. 1917 шықәсанӡа, апериодикатә кьыԥхь аҟны «апринц Ольденбургтәи Иинститут» ҳәа иашьҭан – аред.), Иван Павлов (аурыс, асовет ҵарауаҩ-афизиолог, 1904 шықәсазы амедицинеи афизиологиеи рзы Нобельтәи апремиа алауреат – аред.) аекспериментқәа ахьымҩаԥигоз.

Апринц Ольденбургтәи игәалашәара ҷыдала ҳаҭыр рзақәуп аԥсуа жәлар.

Дышԥақәнагалеи апринц Аԥсныҟа, насгьы ҭоурыхс иамоузеи акурорт Гагра ашьақәгылара? Уи атәы инарҭбааны истатиаҿы далацәажәоит апрофессор, аҭоурыхҭҵааҩы Станислав Лакоба.

XIX-тәи ашәышықәсазы Гагра аӡмахқәа ахьырацәаз ҭыԥын, араҟа ашыӡ чымазара лассы-лассы иуԥылон. Аԥхынра – иааузымычҳауа ихәыҵашоуран. Даараӡа игәыгәҭажьын Гагратәи Абааҭа – Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа иахәҭакны ианыҟала ашьҭахь (Александр I Иманифест инақәыршәаны, Аԥсны аҳра Урыстәыла аимпериа иадҵан 1810 шықәсазы автономтә зинқәа аҭаны, ус иҟан 1864 шықәсанӡа – аред.) араҟа арратә гарнизон еиҿкаан.

Апринц Ольденбургтәи раԥхьаӡакәны Гагра даҭааит 1901 шықәсазы. «Ашьыжь, асааҭ 6 рзы, аӷба «Ледокол» Гагратәи абаа хыжәжәарақәа инрыдгылеит, — иҳәоит уи аамҭа далацәажәо аҵарауаҩ Станислав Лакоба, — Аҟәатәи аокруг аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, акаԥдан Зинченко аруаа ишырҟазшьоу еиԥш апринц аԥсшәа иеиҳәеит». Иара убасгьы, Калдахәара ақыҭантә иааит гәыԥҩык аԥсуаа, ҳәарада, аԥсуа чеиџьыка ишаҳәо еиԥшгьы апринц иԥылеит: «ирхианы игылаз аишәа иқәын асыс ишеибгаз иӡыз, аԥсуа ҩы, ашә».

Уи аиԥылараан иҟалеит даараӡа аинтерес зҵаз хҭыск. Ладариа зыжәлаз аиҭагаҩ ила, аԥсуаа апринц иахь иҟарҵеит аҳәара, иара дзыхьчоз аполициауаа рабџьар аҟнытә шәақьқәак аамҭала ириҭарц, ашьхара ицаны абнаҳәа, мамзар абнакәтырцына шьны изааргарц азы. Араҟа иҳәатәуп, аҳра иҟанаҵаз адҵала, 1898 шықәса инаркны Гәдоуҭа аҵакырадгьыл аҟны инхоз ауааԥсыра зегьы абџьар шрымхыз атәы.

«Апринц жәлар дипломатцәа рахь ихы нарханы дааԥышәырччан, х-шәақьк аԥсуаа ирырҭараз адҵа ҟаиҵеит», – ҳәа иҩуеит Станислав Лакоба. Хара имгакәа ашәарыцаҩцәа хынҳәуеит абнаџьмақәа ҩба шьны ирыманы. Апринц даараӡа игәаԥхеит ари аиқәшәара, акрифон, акрижәуан, «аԥсуаа ргәабзиаразы» аныҳәаҿа ашьҭыхрагьы ихашҭуамызт. Мышқәак рышьҭахь, апринц даҭаауеит Афон Ҿыц, анаҩс – Аҟәа.

1901 шықәса, абҵарамза инаркны акурорт аргылара нап аркын, ишьҭаҵаз амҩала адәыӷбақәа аргыларатә маҭәахәқәа ааргон. Апринц Ольденбургтәи иаан оуп Гагратәи ижәытәӡоу абааш Абааҭа анрыцқьаз, насгьы уи иаҵанакуаз аныхабаа ареставрациа азун. «Апринцесса Ольденбургскаиа (апринц иԥшәмаԥҳәыс, Леихтенбергтәи агерцогиниа, аҭауад ҭыԥҳа Евгениа Миксимилиан-иԥҳа Романовскаиа – аред.) лԥарала, аханатәтәи аԥшра еиқәырханы ареставрациа азун ицқьа Ипати иуахәама. Ауахәама ахыбра иахаргылан ахаҳәтә џьарқәа, аҭӡамцқәа аныхачаԥақәа ҭихит еицырдыруа аурыс сахьаҭыхҩы Михаил Нестеров, ҷыдала уи азы Санкт-Петербургынтә Аԥсныҟа иаагаз», – ҳәа азгәеиҭоит Клиуев истатиаҟны.

Акурорт Гагра ргылан ҩышықәсеи мызқәаки рыла. Амшын азааигәара иаԥҵан ишьахәыз асубтропикатә баҳча, уи аҩнуҵҟа иҟан аскульптурақәа, аӡҭачқәа, апальмақәа, аламала иуԥымло аҵлақәа. Ашьха анаараҿы иҟаҵан аӡыхәышәтәырҭа, амармалташь иалхыз англыз ваннақәа ргылан. Ақалақь аҿы иргылан – аҩнқәа, адәқьанқәа, аресторанқәа, аӷбакыдгыларҭа, ателеграф-пошьҭатә маҵзура.

Зегь реиҳа иԥшӡаз аргыларақәа ируакын аресторан «Гагрыԥшь» – (ихадоу ақалақь аблахкыгарҭа, ақалақь асимвол. Уи ахьӡ аресторан азааигәара имҩасуа аӡиас Гагрыԥшь аҟынтә иаауеит - аред.) амҿы иалху, х-еихагылак змоу, зҿаԥхьа асааҭ ду кыду ахыбра. Ажәытә жәабжь излаҳәо ала, аресторан Гаграҟа иааган хәҭа-хәҭала, иагьеибаркуп ҵәымыӷда. Изларҳәо ала, 1902 шықәсазы Парижтәи Адунеижәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы иаарԥшыз аргыламҭа зегь рыла еиԥшуп. Убри ацәыргақәҵа аҟнытә апринцесса Евгениа Ольденбургскаиа лхазы иаалгеит аресторани уи иацыз ахани, аҩ-хыбрак азеиԥш архитектура рыман (ахан зеиқәымхеит, еилаҳаит. XX ашәышықәсазы, 80-тәи ашықәсқәа рзы иԥырган – аред.).

Уамашәа иубаратәы иҟан, асасааирҭақәеи аресторанқәеи ахьыӡқәа рыҭараан апринц аҭыԥантәи атопонимика алихуан, иара убасгьы лассы-лассы идикылон аԥсуа ҭауадцәеи, аамсҭацәеи.

Акурорт аартра гәырӷьарала имҩаԥысит 1903 шықәса, ажьырныҳәа 9 рзы, аресторан «Гагрыԥшь» аҟны. «Асасцәеи адныҳәаларақәеи идкыло, Ольденбургтәи аҵәцақәа реинҟьабжьы зыҩныҩуаз аресторан аҟны раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа иранеишьон араӡны медалқәа, аныҳәамш азы ҷыдала ичаԥаз. Амедал аҟны ианын аҳ игәыргьын, амонограмма «А.П.О.», аҩыра «Гагра 1903 шықәса». Акурорт аӡыргара хыркәшан ачыс еилаҵаралеи, аныҳәатә артиллериатә салиути, аҭыԥантәи арратә гарнизон рцеремониалтә ныҟәареи, ацқьа Ипати иуахәама аҟны имҩаԥгаз аныҳәареи рыла», – ҳәа иҩуеит Анатоли Клиуев.

Анаҩс, апринц Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи иԥҳәыси иареи ԥсшьараҳәа лассы-лассы Гаграҟа иаалон, акыраамҭагьы араҟа ирхыргон.

Ирратәи иҳәынҭқарратәи аусура 50-шықҵәса ахыҵра инамаданы,  Хьыӡҳәалатәи Иреиҳаӡоу Аусԥҟа ала А. П. Ольденбургтәи Аимператортә Аҳаракыра  атитул  ианашьахеит. А. П. Ольденбургтәи хыԥхьаӡара рацәала ақалақьқәеи аилазаарақәеи Ҳаҭыр зқәу алахәылас далхын.  

Аԥсны аҭоурых аҿы Александр Пиотр-иԥа Ольденбургтәи ихьӡ наунагӡа иаанхоит Аԥсныи, Кавказтәи амшынҿықәи рҟны иреиӷьӡоу акурорттә қалақь аргылаҩ иаҳасабала.

1917 шықәсазы ареволиуциатә ҵысрақәа аналага, апринц Ольденбургтәи Урыстәылатәи Аимпериа аҟнытә дықәҵны, Финлиандиа далсны Германиаҟа дцоит. Аҵыхәтәантәи ишықәсқәа ихигеит афранцыз қалақь Биарриц аҟны. Иԥсҭазаара далҵит 1932 шықәсазы, 88 шықәса шихыҵуаз. Анышә дамадоуп дахьынхоз ақалақь аҟны, Атлантика аԥшаҳәаҿы, аԥсыжырҭа Са-бау аижәлантәқәа кардама аҿы.

 

 

 

 

 

 


Read 258 times - Аҩаша, 21 Лаҵара 2024 17:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.