Иара убас Вадим Бжьаниа (1934 – 2014шш.) – аҭоурыхдырҩы, археолог, аҭоурыхҭҵааратә дыррақәа ркандидат, «Ахьӡ -Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥгахеит. Уи рхы аладырхәит Вадим Бжьаниа иколлегацәа, амузеи аусзуҩцәа, археолог қәыԥшцәа, ААУ аҭоурыхдырратә факультет астудентцәа.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҭааҩцәа рзы ашәқәа аанартит ҽынла, асааҭ 12 рзы.
Аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи алшара рымоуп азалқәа ирыҩнысны есымша ицәыргақәҵоу аекспозициақәа рнаҩсгьы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, Аԥсны раԥхьатәи атәылахьчара аминистр Владимир Аршба ирызку атематикатә фотоцәыргақәҵақәагьы рбар рылшоит. Амузеи уахьныҩнало аԥхьа игылоуп Владислав Арӡынба имаҵуратә машьына.
Воронежынтәи Аԥсныҟа сасра ҳәа иааз Алеқсандра Романова ҩынтәуп Аҟәаҟа даауеижьҭеи, аха ари амузеи ахь уажәада дмааиӡацызт.
«Амузеи аҭаара ашьҭахь шәтәыла еиҳа иааигәаны адырра азы агәазыҳәара сызцәырҵит. Сара атуристцәа зегьы ирабжьызгоит иџьашьаху ари аҭыԥ иаҭаарц», - ҳәа илҳәеит лара.
Ҩ-фотоцәыргақәҵак Аџьынџьтыәлатәи еибашьра Дуӡӡа иазкуп: Тамбовтәи аобласттә атәылаҿацәтә музеи иаанагаз апланшеттә цәыргақәҵа «Аиааиранӡа анаӡара: Виачеслав Гроздов имшынҵақәа раԥхьарала» («Восхождение к победе: читая дневники Вячеслава Гроздова». Уи 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан зынӡа иқәыԥшӡаз Виачеслав Гроздов иҟаиҵаз амшынҵақәа рҟынтәи иҵабыргу иуникалу адокументалтә шаҳаҭрақәа рыла ишьақәгылоуп. Иара убас амузеи аҿы ицәыргақәҵоуп ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа илызку афотоцәыргақәҵа.
Амузеи аҭааҩцәа аинтерес кны амузеи аекспонатқәеи афотосахьақәеи ирыхәаԥшуеит.
Аԥсны Абанк аԥара Амузеи акциа «Аҵх амузеи аҟны» абар ҩынтәуп ахы аланархәуеижьҭеи.
Сынтәа амузеи аҭааҩцәа рзы ашәқәа аанартит асааҭ 18:00 рзы.
Амузеи адиректор Асҭамыр Ҭания еизаз ирзеиҭеиҳәеит аԥараҿырпқәа рцәырҵра аҭоурыхи урҭ рыҟаҵара иаҵоу аҷыдарақәеи ртәы.
Амузеи аусзуҩцәа аҭааҩцәа ирзеиҭарҳәоит аекспозициақәа ртәы, еиуеиԥшым аекспонатқәа рҭоурых атәы. Изҭаху зегьы агәаларшәага аҳасабала рхала аԥараҿырпы аԥҟара азы алшара рзаԥҵоуп.
Д. И. Гулиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә аҩны-музеи аҿы сынтәа имҩаԥысуа ари акциа аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкхеит. Аҩны-музеи ашҭа аҿы аԥсуа литература апатриарх Дырмит Гәлиа иԥсҭазаара еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҟаҵаз ифотосахьақәа рцәыргақәҵа шьақәыргылоуп. Алитературатә хәылԥазы аартуа, амузеи адиректор Светлана Қорсаиа, дара абар шьҭа жәы-шықәса раахыс акциа «Аҵх амузеи аҟны» рхы аладырхәуеит ҳәа иазгәалҭеит.
Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №4 аҵаҩцәа Аԥсны Жәлар рпоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит, Дырмит Гәлиа иажәабжьқәа рыла асценкақәа ддырбеит. Ашколхәыҷқәа иара убас аԥсуа литература ауасхыр шьҭазҵаз Дырмит Гәлиа изкны рхатәы жәеинраалақәагьы ирыԥхьеит.
Аусмҩаԥгатә даҭааит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны апоезиа ахәылԥаз мҩаԥысит. Уи иалахәыз апоет ҿарацәа Дырмит Гәлиа иажәеинраалақәа реиԥш рхатәы жәеинраалақәагьы ирыԥхьеит.
Амузеи иаҭааз рхыԥхьаӡараҿы иҟан имаҷымкәа ахәыҷқәагьы. Урҭ аинтерес кны амузеи аусзуҩцәа ирзеиҭарҳәоз иазыӡырҩуан, иара убас амузеитә експонатқәа ирыхәаԥшуан.
«Аҵх амузеи аҟны» - жәларбжьаратәи акультуратә акциа ауп. Раԥхьаӡа акәны уи мҩаԥысит Франциа, 1999 шықәса рзы. Аԥсны ари акциа амҩаԥгара иалагеит 2015 шықәса раахыс Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.