АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

«Кавказтәи аибашьра: аҭоурых аурокқәеи ҳазҭагылоу аамҭеи»: Аҟәа иаатит жәларбжьаратәи анаукатә конференциа.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гьаргь Ӡиӡариа игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа «Кавказтәи аибашьра: аҭоурых аурокқәеи ҳазҭагылоу аамҭеи» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит.

Аконференциа алахәхара азы Аԥсныҟа иааит Москва, Санкт-Петербург, Тиумень, Ориол, Симферополь, Ставрополь, Грозныи, Махачкала, Черкесск, Ҟарачаевск, Маиҟәаԥ ақалақьқәа рҟынтәи аҵарауаа.

Аконференциа аартуа, ААУ аректор Алеко Гәарамиа аконференциа амҩаԥгара арыцхә алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи  лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭо Кавказтәи аибашьра анҵәара 160-шықәса ахыҵра иадҳәалоуп, насгьы иналукааша аҵаауаҩ ду, арҵаҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩ Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа (06. 05.1914 – 01.05.1988шш.) дижьҭеи  110-шықәса аҵра иазкуп.

«Лаҵарамза 6 рзы 110 шықәса ҵит Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа дижьҭеи. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иналукааша аҵарауаҩ инаҩсгьы, ҳҵараиурҭа зеиӷьаҟам анапхгаҩыс дыҟан. 1975 шықәсазы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа еицырдыруа имонографиа «Амҳаџьырреи   Аԥсны XIX ашәышықәса аҭоурых апроблемақәеи» иҩит. Гьаргь Алықьса-иԥа аԥсышәала аҭоурых акурс даԥхьон. Иара еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рдепутатс дыҟан. Иахьа аконференциа далахуп уи иԥа, еицырдыруа асахьаҭыхыҩ Адгәыр Ӡиӡариа», - ҳәа иҳәеит Алеко Гәарамиа.

ААУ аректор агәра ганы дыҟоуп аконференциа Кавказтәи аибашьра апроблематика аҭҵаареи аҭоурых аҟынтәи ииашоу алкаақәа рыҟаҵареи рзы хра злоу импульсны ишыҟало.

«Зегьы ҳзыҟаҵама ҳара Гьаргь Алықьса-иԥа иажәақәа ишахәҭоуҵәҟьа аилкааразы? Ускантәи Кавказтәи аибашьра иадҳәалоу иарбан жәазаалакгьы, иарбан хшыҩзышьҭразаалакгьы абас ала ишьақәгылазароуп: амҳаџьырра ианалацәажәо, Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рыхәҭак Османтәи аимпериа ахь ихҵәаны ргара мацара акәӡам, ихырҵәаны ишьҭыз рҭоурыхтә Ԥсадгьыл ахь рырхынҳәрагьы, даҽакала иуҳәозар шьҭахьтәи аимиграциагьы ауп  зыӡбахә рымоу. Уи азы иахәҭоу зегьы ҟаҳҵома ҳара? Сара сгәаанагарала, мап. Уи иобиективтәу амзысқәагьы амоуп», - ҳәа иҳәеит ААУ аректор.

Иара еиҭеиҳәеит, 1989  шықәсазы ауниверситет амҳаџьыраа рхылҵышьҭрақәа аҵаразы Аҟәаҟа ааԥхьара шырнаҭоз атәы. 1992 шықәсазы урҭ абџьар кны Рыԥсадгьыл ахьчаразы иҩагылеит.  

«Аибашьра ашьҭахь ҳара убасҵәҟьа иҳалшоз зегьы аҟаҵара ҳҽазаҳшәон амҳаџьыраа рхылҵышьҭрақәа Аԥсныҟа рырхынҳәразы, абра аҵара рҵаларц азы», – ҳәа иҳәеит Алеко Гәарамиа.

ААУ аректор еизаз ирыдигалеит жәларбжьаратәи анаукатә конференциа аҿы изыԥхьараны иҟоу ажәахәқәа зегьы зну аизга. Аконференциа иалаху идырбан Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диижьҭеи 110-шықәса аҵра иадҳәаланы иҭыхыз адокументалтә фильм «Ацивилизациақәа реиҿагылара» («Противостояние цивилизаций»).  

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәахә аҿы иҳәеит: «Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Кавказ зегьы азы итрагедиа дуны иҟалаз арыцхә. Ари аибашьраеи уи ахҟьаԥҟьақәеи аԥсуа етнас ӷәӷәала ианыԥшит». Абесалом Кәарҷиа аҭоурыхҭҵааҩы Клиучевски иажәақәа ааигеит. Уи иҳәон: «Ииасхьоу здыртәу уи ахьиасхьоу азы акәӡам, уи аныиасуаз иацыз ахҟьаԥҟьақәа рықәгара ахьалымшоз азы ауп».

«Ауаажәларра рлахьынҵа анырра ахьынӡаӷәӷәаз ала аҭоурыхтә наука аидеалогиа, аекономика, аибашьыгатә бџьар рацкьыс еиҳахеит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Абесалом Кәарҷиа.

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи академиа адиректор ихаҭыԥуаҩ, Урыстәылатәи Ауаажәларратә Палата алахәыла Виктор Ливцов Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата ахьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит. «XIX ашәышықәсазы иҟаз, ҩынҩажәижәаба шықәса инарзынаԥшуа ицоз Кавказтәи аибашьра Урыстәылеи Кавкази аҭоурых аҿы идуӡӡоу аҭоурыхтә цәырҵраны иҟалеит.  Аибашьра анынҵәа инаркны иахьа уажәраанӡа иҵит 160 шықәса, аха иага аамҭа цазаргьы, ари зымҽхак ҭбааз ахҭыс, уи аидысларақәеи акомандаҟаҵаҩцәеи, уҳәа рахь аҭҵаарадырратәии ауаажәларратәи аинтерес  џьара акала еиҵахом, уимоу, ессааира еиҳахоит.  Жәларбжьаратәи аконференциа аҿы Кавказтәи аибашьра аҭҵаара иҿыцу анаукатә дыррақәа рыла ихарҭәаахоит. Кавказтәи аибашьра апроблематиа аҵарауаа рыдагьы алитераторцәа, апублицистцәа, апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, акинематографцәа, аполитологоцәеи аполитикцәеи аднаԥхьалоит. Ари аконфликт аҭоурых уи амзысқәа, аҟазшьа, ахықәкы, ахҟьаԥҟьақәа, уҳәа рганахьала анаукатә дискуссиақәа арҿиеит», – ҳәа иҳәеит Виктор Ливцов.

Уи ари аконференциа еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхдырҩы, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩ, апрофессор Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диижьҭеи 110-шықәса аҵра ашықәс азы амҩаԥгара асимволтә ҵакы аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уи инаукатә усумҭақәа Кавказтәи аибашьра аҭҵаара аус аҿы лагала дуны иҟалеит», – ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата алахәыла Виктор Ливцов.   

Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа убасҵәҟьа аконференциа алахәылацәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, ирзеиӷьаишьеит алҵшәа бзиа зауа аусура. 

«Даара асимволтә ҵакы аҵоуп ҩ-рыцхәк реиқәшәара: Кавказ ашьхарыуа жәларқәа реиҳарак рыԥсадгьыл ааныжьны ихҵәаны имцар ада ԥсхәа рызымҭаз Кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи 160-шықәса аҵреи ифундаменталтәу аусумҭа шьахә «Амҳаџьырреи Аԥсны XIX ашәышықәса аҭоурых апроблемақәеи» автор Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа диижьҭеи  110-шықәса аҵреи. Ҳара Кавказ ашьхарыуа жәларқәа иаҳхамышҭыруп даара арыцҳара дуқәа зцыз Кавказтәи аибашьра. Ари аҭоурыхтә хҭыс бааԥсы агәалашәаралеи адырреи рыла уаҳа уи аҩыза ахлымӡаах ҟамларц азы ииашоу алкаақәа рыҟаҵара ҳахәҭоуп», – ҳәа иҳәеит Зураб Џьапуа.

Ауаажәларратә усзуҩ, Кавказтәи аибашьреи амҳаџьырреи рыпроблематика иазку раԥхьатәи анаукатә конференциа (1990 ш.) аиҿкааҩ Леуан Миқаа Аԥсны Жәлар рпоет Баграҭ Шьынқәба усҟан уи алахәылацәа рахь иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит. Адныҳәалара аҿы алеитмотив ҳасабла иалкаан Кавказ ажәларқәа реиҩызара атема.

Леуан Миқаа еизаз иргәалаиршәеит Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Баграҭ Шьынқәба Асовет Еидгыла Акоммунистә Партиа Ацентркомитет (ЦК ВКП(б)) ахь 1947 шықәсазы ирыҩыз ашәҟәы аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аҿы инанагӡаз ароль атәы. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь аԥсуа школқәа адыркуа иалагеит. Авторцәа ашәҟәы аҿы ирҳәеит ақырҭқәа убасҟан имҩаԥыргоз аполитика, аԥсуа школқәа шаркыз, аԥсуа бызшәа уҳәар шыҟамлоз, аԥсуа кадрқәа аусура шрымамыз атәы фактла ишьақәырӷәӷәаны, аҿырԥштәқәа ааганы.

Аконференциа алахәылацәа иара убас ирыдныҳәалеит, хра злоу аусурагьы рзеиӷьаршьеит Чечентәи Ареспублика Анаукақәа Ракадемиа апрезидент, А. А. Кадыров ихьӡ зху Чечентәылатәи аҳәынҭқарратә Университет  апрофессор Џьамбулат Умаров, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба, Аџьынџьуа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Багаҭелиа.

Аконференциа аиҿкаара рхахьы иргеит: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, Урыстәылатәи Афедерациа Ауаажәларратә Палата, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут,  Аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәара азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аконференциа лаҵарамза 23-нӡа аус аулоит.  Аконференциа апрограмма аҿы иҟоуп 31 рҟынӡа  ажәахәқәа. 

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 223 times - Аҩаша, 21 Лаҵара 2024 15:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.